Аԥсны ахаҭарнакцәа аԥшааратә експедициа "Ржев. Калининтәи афронт" иалахәхоит
20:06 01.09.2026 (ирҿыцуп: 22:37 01.09.2026)

© Sputnik / Максим Богодвид
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Аԥсны ахаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит 10-тәи жәларбжьаратәи аԥшааратә експедициа "Ржев. Калининтәи афронт".
Уи 2016 шықәса раахыс есышықәса Твертәи аобласт аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы еиҿыркаауеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкаара "Абхазпоиск" анапхгаҩы Николаи Медвенски.
"Уи хықәкыс иамоуп 1941-1943 шықәсқәа рзы Ржев амҵан имҩаԥысуаз ажәыларақәа рҿы иҭахаз асовет еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара, рхаҭара ашьақәыргылара, иахәҭоу арратә ҳаҭырқәа рыманы анышә рамадара, иара убас урҭ рфырхаҵара агәалашәара аиқәырхара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аекспедициа мҩаԥгахоит цәыббра 4 инаркны 13-нӡа, уи иалахәхоит Урыстәыла, Беларуссиа, Молдавиа, Ҟазахсҭан, Узбекистан рҟынтәи шәҩыла аԥшааҩцәа. Аԥснынтәи аекспедициа ԥшьынтәны иалахәуп.