Ашкол ҿыц аадыртит Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы
21:40 01.09.2026 (ирҿыцуп: 22:21 01.09.2026)

© Foto / пресс-служба Южного военного округа
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Ашкол ҿыц аадыртит Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿы.
Уи ргылан шықәсыки бжаки иреиҵаны, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арра-ргыларатә еилахәыра амчала ҳәа рҳәеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзураҿы.
Ашкол 300-ҩык аҵаҩцәеи 11 шықәса аҵареи ирзырхоуп. Макьаназы аҵара иалагоит 1-7 аклассқәа рҵаҩцәа, аха аамҭа цацыԥхьаӡа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иазҳалоит ҳәа иҳәеит акадрқәа русбарҭа арратә ҵара аҟәша аиҳабы, аполковник Васили Кириленко.
Аартратә усмҩаԥгатә иаҭааит аррамаҵзурауаа рҭаацәа рыдагьы, ҳаҭыр зқәу асасцәагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адҵаҟаҵара ахаҭарнакцәа, афицарцәа, Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, Краснодар ахадара рхаҭарнакцәа, аусбарҭа иахәҭоу амазара ала аиқәыршәараҿы ацхыраара ҟазҵоз.

"Ашкол иҿыцу аиқәыршәагақәа рыла еиҿкаауп, уахь иаҵанакуеит аинтерактивтә ӷәқәа, акомпиутерқәа, аноутбукқәа, аҵаратә процесс аиқәыршәаразы ихымԥадатәиу ҳаамҭазтәи аелектрон-ԥхьаӡагатә техника ахархәагақәа. Ашкол инагӡаны аԥаразоужьра мҩаԥнагон Атәылахьчара аминистрра ахарџь ала, 1 инаркны 7-нӡа арҵага шәҟәқәа, абиблиотекатә литература рыла еиқәыршәоуп", — иҳәеит Кириленко.
Аргылара хдыркәшаанӡа аруаа рхәыҷқәа абаза азааигәара иҟаз аԥсуа школқәа рахь иныҟәон.