Аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыц Аԥсны атәылауаа ртәанчахәқәа ршәара аанкылахоит
21:34 01.09.2026 (ирҿыцуп: 22:24 01.09.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥыслоит хымз, цәыббра 1 инаркны ԥхынҷкәын 1рҟынӡа.
АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыц Аԥсны атәылауаа ртәанчахәқәа ршәара аанкылахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
Аиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥыслоит хымз, цәыббра 1 инаркны ԥхынҷкәын 1рҟынӡа. Уи аҭахуп атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара аилкааразы, ашәарақәа рзы адыррақәа актуализациа рзуразы.

Ашәарақәа раанкылара иалагоит ԥхынҷкәын 1 инаркны. Атәылауаҩ ари арыцхә ашьҭахь шықәсык аҩнуҵҟа афонд ахь днеир, ишәам атәанчахәы инагӡаны изыршәоит. Шықәсык ашьҭахь иара иаара ашәҟәы иҭагаламхар, изауа рсиа данырхуеит.
"Ас еиԥш ахҭысқәа ҟалалон уаанӡатәи аиҭашәҟәҭаҩраҿы. Ауаа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аиҭашәҟәҭаҩра иахымсӡеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа аан, урҭ аубарҭа ианадҵаала инаркны атәанчахәы рызшәахоит, Аминистрцәа реилазаара анапынҵа излаҳәо ала", — ҳәа ациҵеит иара "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо.