Очамчыра Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аадыртуеит цәыббра 3 рзы
11:50 02.09.2026 (ирҿыцуп: 12:48 02.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит.
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Очамчыра Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аадыртуеит цәыббра 3 рзы.
Амузеи аартрат азгәаҭоуп асааҭ 12: 00 рзы Горки имҩа, 12 аҩны. Апрограммаҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара, амузеи аекспозициа аҭаара, уи аԥҵараҿы злагала дуу аҳамҭақәа ранашьара, аконцерт.
Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит.
Амузеи аартрат азгәаҭоуп асааҭ 12: 00 рзы Горки имҩа, 12 аҩны. Апрограммаҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара, амузеи аекспозициа аҭаара, уи аԥҵараҿы злагала дуу аҳамҭақәа ранашьара, аконцерт.
Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит.
Апроект анагӡараз аусурақәа рхы аладырхәит ашколхәыҷқәа, араион ақалақьи ақыҭақәеи руааԥсыра. Ауадақәа реиҭашьақәыргылараҿгьы ацхыраара ҟарҵеит аҭыԥантәи ахадареи амеценатцәеи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"Ҳара ари апроект аетапқәа зегьы ҳрылахәын, азыҳәа анашьҭра амш инаркны иахьа уажәраанӡа. Абар, аҵыхәтәан иаабоит акраамҭа ҳаззыԥшыз алҵшәа: шьахәрыла еиқәыршәоу ауада, ихиоу аекспозициа, иазыҟаҵоу аекскурсиамҩаԥгаҩцәа", — ҳәа азгәалҭеит ацентр "Гарант" адиректор Марина Михаилова.