00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:52
8 мин
Ажәабжьқәа
18:02
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:02
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Аиҿцәажәара
Акаҳуа афестиваль мҩаԥган Аҟәа: алахәыла ицәажәара
14:47
25 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Ӡыда иаанхаз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа цхыраарас ирырҭо: ахҳәаа
18:17
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
150 миллионов на добрые дела: стартовал конкурс грантов "Созидатели Абхазии"
18:52
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит, Шьаҟрылԥҳа аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи аҭҵаарадырреи рҿы злагала дуу аҵарауаа рҭаацәара дшалҵыз. Аусмҩаԥгатә иаҭааит аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Маиа Цыбулевскаиа, аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, АдәА рминистр Олег Барцыц, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа, ареспублика ауаажәларра.
Очамчыра Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аадыртуеит цәыббра 3 рзы. Аныҳәатә церемониа мҩаԥгахоит асааҭ 12: 00 рзы Горки имҩа, 12 аҩны. Апрограммаҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, амузеи аекспозициа аҭаара, уи аԥҵараҿы злагала дуу аҳамҭақәа ранашьара, аконцерт. Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит. Апроект анагӡараз аусурақәа шықәсык ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи, аматериалқәа — аибашьцәа рымаҭәақәа реиԥш, рхатә ҭоурыхқәагьы реизгара рхы аладырхәит аволонтиорцәа — ашколхәыҷқәа, араион ақалақьи ақыҭақәеи руааԥсыра. Ауадақәа реиҭашьақәыргылараҿгьы ацхыраара ҟарҵеит аҭыԥантәи ахадареи амеценатцәеи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Гәдоуҭа ауааԥсыра аӡы рзынашьҭра уахынла аԥкрақәа аларгалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Роман Тәанба. Уи зыдҳәалоу Дәрыԥшь ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа аԥхасҭахара ауп. Тәанба иажәақәа рыла, ақалақь ахь аӡы анашьҭра аанкылахоит асааҭ 19:00 инаркны, аӡеизакырҭақәа ҭәны аӡы Замостианкаҟа анашьҭразы. Аԥхасҭа аԥырхаанӡа ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиҭахацдырклоит шьыжьла мацара.
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Николаи Линченкеи, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Линченко иазгәеиҭеит апроект ишаҵанакуа иҟоу ахыбра арҽеиреи аиҭашьақәыргылареи адагьы, аспортзал, аклассқәа, азеиԥшнхарҭа ахьыҟало хазы, хԥаны еихагылоу ахыбреи аргылара. Аҩганк ашколқәа реинырра азҵаарақәа ирзааҭгылеит, аолимпиадақәа реиҿкаара, аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы аԥсуа медикцәа рԥышәеизырҳара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0