https://sputnik-abkhazia.info/20260902/1065350897.html
Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы
Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Урыстәылатәи актиор, арежиссиор Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы.Вдовин ари... 02.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-02T15:21+0300
2026-09-02T15:21+0300
2026-09-02T15:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/1d/1038374546_0:46:3072:1774_1920x0_80_0_0_e691869d8b1def3d50400c814c0186c5.jpg
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Урыстәылатәи актиор, арежиссиор Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы.Вдовин ари атеатр аҿы иқәиргылахьеит ҩ- спектакльк: "Метод" (2022 шықәсазы), "Асаркьатә гыгшәыгҭра" (2023 шықәсазы) ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.Хынҭәба иажәақәа рыла, Вдовин ареспубликахь дааит, ауснагӡатәқәа, адетальқәа зегьы аус рыдулараз, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараз, артистка ҿыц лалагалара еиҳа ахаҭабзиара амазарц азы аспектакль аус адиулоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20260822/1065134356.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/1d/1038374546_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_29c93ddbd9af1c05a2cee831d9e5f1ee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы
15:21 02.09.2026 (ирҿыцуп: 15:36 02.09.2026) АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Урыстәылатәи актиор, арежиссиор Марк Вдовин Аԥсныҟа дааит испектакль "Асаркьатә гыгшәыгҭра" ирҿыцу аилазаара аус рыцуразы.
Вдовин ари атеатр аҿы иқәиргылахьеит ҩ- спектакльк: "Метод" (2022 шықәсазы), "Асаркьатә гыгшәыгҭра" (2023 шықәсазы) ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Аспектакль" Асаркьатә гыгшәыгҭра " сынтәа хышықәса ахыҵуеит. Теннесси Уилиамс ипиеса иалхуп. Аилазаараҿы иҟоуп ԥшьҩык актиорцәа, урҭ зегьы персонаж хадақәоуп. Сынтәа арольқәа руак, Лаура Уингфилд лроль ала, Шьепкин итеатртә ҵараиурҭа аԥсуа курс аушьҭымҭа Лана Лашәриаԥҳа аспектакль далаҳгаларц ҳаӡбеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Хынҭәба иажәақәа рыла, Вдовин ареспубликахь дааит, ауснагӡатәқәа, адетальқәа зегьы аус рыдулараз, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараз, артистка ҿыц лалагалара еиҳа ахаҭабзиара амазарц азы аспектакль аус адиулоит.