Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны иаҭааит Мактина Џьынџьалԥҳаи Виачеслав Гладкови
17:07 02.09.2026 (ирҿыцуп: 17:47 02.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Иахьа Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны иаҭааит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.
Ақәыԥшцәа рыҩны ашьаҭала аус ауеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацентр. Аусбарҭа аиҳабы Сельма Занҭариаԥҳа, араион ахада Алхас Кациа, Мактина Џьынџьал, Виачеслав Гладков алацәажәеит аҿиараҿы аҷыдарақәа змоу ахәыҷқәа рыдгылара.
Аҭаара Аԥсны ахаҭарнакцәа аԥышәа аимдаразы Белгородтәи аобласт апрофильтә центрқәа рахь рцара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра информ".
Уажәшьҭа иҭҵаау апрактикақәа аҭыԥантәи еишьашәалоу аусбарҭақәа ирыларгалоит — ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа аздырхиоит, ауаажәларра ринтеграциа алдыршоит.