https://sputnik-abkhazia.info/20260902/1065354008.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплак маҷи абжьаратә наплаки адгылара аҭареи рзы аҳәынҭқарратә программақәа рыла хықәкыда аԥарақәа рныхра алмыршаразы ауснагӡатәқәа... 02.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-02T18:01+0300
2026-09-02T18:01+0300
2026-09-02T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/02/1065353842_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_120502741c1238353548a01a9641dafa.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплак маҷи абжьаратә наплаки адгылара аҭареи рзы аҳәынҭқарратә программақәа рыла хықәкыда аԥарақәа рныхра алмыршаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. "Уажәтәи апрограмма аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара 2027 шықәсазтәи апрограмма абжьгарақәа рыла иалкаау згәаҭақәак ҟаҳҵеит. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, амалахазгьы акыр идуу абиуџьеттә ԥарақәа рыла еиқәыршәоу аҳәынҭқарратә программа, материалтә цхыраарак аҳасаб ала мацара ахәаԥшра иашам ҳәа", — иҳәеит иара.
2025 шықәсазы Аԥсны анаплак маҷи абжьаратә наплаки рыдгыларазы апрограмма 265-ҩык алахәуп. Зынӡа ирыдыркылеит 485 зыҳәа, иааидкыланы 709 млн мааҭ рыхә инаӡо ҳәа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб. Апрограмма иазгәанаҭон аԥаразоужьратә механизмқәа ҩба. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахатәы хыҵхырҭақәа рҟынтәи мацара аԥаразоужьра зызуз актәи амеханизм, ари иаархәо амаругақәа рыхәԥса аҟынтәи 90% асубсидиақәа зныктәи ашәарала рыҭароуп. Аҩбатәи амеханизм — иаҵанакуан урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала аиԥаразоужьра, уи иазԥхьагәанаҭон хәҭа-хәҭала амҩаԥгара", — ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб.
Аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи ахәшәқәа раахәаразы 2025 шықәсазы жәамиллион мааҭк аԥара азоужьын иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь. "9,7 млн мааҭ рыхә 4,8 нызқь литра ахәшәқәа аахәан. Уи иалнаршеит еиуеиԥшым ақыҭанхамҩатә культурақәа иларҵаз 7 нызқь гектар аҵакыра аус адулара", — ҳәа азгәеиҭеит иара Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы. 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иалалеит 653 проект, иааидкыланы 876,8 млн мааҭ рыхә. Аицлабратә комиссиа 142 млн мааҭ рыхә 342 проект иақәшаҳаҭхеит, 36,8 млн рыхә 51 проект мап рцәнакит. 260 проект ирыхәаԥшымызт аԥарақәа разымхара иахҟьаны, урҭ реиҳарак 2026 шықәсазы ирыхәаԥшуеит.
Иахьа Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны иаҭааит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Ақәыԥшцәа рыҩны ашьаҭала аус ауеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацентр. Аусбарҭа аиҳабы Сельма Занҭариаԥҳа, араион ахада Алхас Кациа, Мактина Џьынџьал, Виачеслав Гладков алацәажәеит аҿиараҿы аҷыдарақәа змоу ахәыҷқәа рыдгылара. Аҭаара Аԥсны ахаҭарнакцәа аԥышәа аимдаразы Белгородтәи аобласт апрофильтә центрқәа рахь рцара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра информ".
Ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплак маҷи абжьаратә наплаки адгылара аҭареи рзы аҳәынҭқарратә программақәа рыла хықәкыда аԥарақәа рныхра алмыршаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. "Уажәтәи апрограмма аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара 2027 шықәсазтәи апрограмма абжьгарақәа рыла иалкаау згәаҭақәак ҟаҳҵеит. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, амалахазгьы акыр идуу абиуџьеттә ԥарақәа рыла еиқәыршәоу аҳәынҭқарратә программа, материалтә цхыраарак аҳасаб ала мацара ахәаԥшра иашам ҳәа", — иҳәеит иара. 2025 шықәсазы Аԥсны анаплак маҷи абжьаратә наплаки рыдгыларазы апрограмма 265-ҩык алахәуп. Зынӡа ирыдыркылеит 485 зыҳәа, иааидкыланы 709 млн мааҭ рыхә инаӡо ҳәа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб. Апрограмма иазгәанаҭон аԥаразоужьратә механизмқәа ҩба. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахатәы хыҵхырҭақәа рҟынтәи мацара аԥаразоужьра зызуз актәи амеханизм, ари иаархәо амаругақәа рыхәԥса аҟынтәи 90% асубсидиақәа зныктәи ашәарала рыҭароуп. Аҩбатәи амеханизм — иаҵанакуан урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала аиԥаразоужьра, уи иазԥхьагәанаҭон хәҭа-хәҭала амҩаԥгара", — ҳәа азгәеиҭеит Амқәаб. Аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи ахәшәқәа раахәаразы 2025 шықәсазы жәамиллион мааҭк аԥара азоужьын иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь. "9,7 млн мааҭ рыхә 4,8 нызқь литра ахәшәқәа аахәан. Уи иалнаршеит еиуеиԥшым ақыҭанхамҩатә культурақәа иларҵаз 7 нызқь гектар аҵакыра аус адулара", — ҳәа азгәеиҭеит иара Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы. 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иалалеит 653 проект, иааидкыланы 876,8 млн мааҭ рыхә. Аицлабратә комиссиа 142 млн мааҭ рыхә 342 проект иақәшаҳаҭхеит, 36,8 млн рыхә 51 проект мап рцәнакит. 260 проект ирыхәаԥшымызт аԥарақәа разымхара иахҟьаны, урҭ реиҳарак 2026 шықәсазы ирыхәаԥшуеит. Иахьа Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны иаҭааит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Ақәыԥшцәа рыҩны ашьаҭала аус ауеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ацентр. Аусбарҭа аиҳабы Сельма Занҭариаԥҳа, араион ахада Алхас Кациа, Мактина Џьынџьал, Виачеслав Гладков алацәажәеит аҿиараҿы аҷыдарақәа змоу ахәыҷқәа рыдгылара. Аҭаара Аԥсны ахаҭарнакцәа аԥышәа аимдаразы Белгородтәи аобласт апрофильтә центрқәа рахь рцара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра информ".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/02/1065353842_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0eed124b38cb69a27f62e2c68da28381.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио