00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Атомкласс" ҿыцқәа ԥшьба аартын Аԥсны ашколқәа рҿы сынтәатәи аҵарашықәс азы

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие атом-класса во второй школе г.Сухум
Открытие атом-класса во второй школе г.Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. "Атомкласс" ҿыцқәа ԥшьба аартын Аԥсны ашколқәа рҿы сынтәатәи аҵарашықәс азы лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.

Зыӡбахә азгәаҭоу — Гагратәи алицеи-интернат, гәдоуҭатәи ахәбатәи ашкол, галтәи актәи ашкол, Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу абжьаратә школ рҿы иаарту аклассқәа роуп.

Аминистр лажәақәа рыла, ас еиԥш апроектқәа рынагӡара аҵаҩцәа рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит.

"Ас еиԥш апроектқәа ирыбзоураны — ҳтәыла ԥхьаҟа ашьаҿа ду ҟанаҵоит. Арҭ аклассқәа ԥыжәарас ирымоу амаругақәа рыла еиқәыршәоу ауадақәа рымацара ракәымкәа, — ззанааҭдырра иацызҵо арҵаҩы системала аус ицура ахьымҩаԥырго ауп", — лҳәеит Гәынԥҳа.
"Росенергоатом" Аԥсны иахьаҵанакуа "Атомклассқәа" жәба русура хацнаркит иҳәеит акорпорациа акорпоративтә функциақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Ҭҟьебучаа.
"Апроект хацыркын 2011 шықәса рзы, алҵшәагьы дуӡӡоуп. Ҳара иаабоит арҵаҩратә уаажәларра разҿлымҳарала, иара убасгьы ҳара иаабоит дара ахәыҷқәагьы ахимиа, афизика, аматематика рҿы инарҵауланы адыррақәа роура ишазҿлымҳау", — азгәеиҭеит иара.
Ҭҟьебучаа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҵара аминистрра аӡбрала "Атомклассқәа" атәыла араионқәа зегьы ишырзеихшоу. Апроект адгылара арҭеит "Росенергоатом"анапхгара.
"Иҭабуп ҳәа расҳәоит аконцерн "Росенергоатом" адиректор хада Шутиков Александр Виктор-иԥа, акорпорациа "Росатом" адиректор хада Лихачиов Алексеи Евгени-иԥа, ҳәарада, ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Владилен-иԥа Кириенко, дара апроекти ара ҳазҿу егьырҭ апроектқәеи хымԥадатәқәоуп ҳәа ахырҳәаауеит", — иҳәеит иара.
Аԥсны "атомклассқәа" раԥҵара апроект иазгәанаҭоит — арҵаҩратә еилазаара аус рыдуларагьы иҳәеит "Росенергоатом" акорпоративтә функциақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Ҭҟьебучаа.
"Ҳара есышықәса ҩынтә иреиҵамкәа асеминарқәа мҩаԥаагоит, уахь ааԥхьара рырҭоит "атомклассқәа" ахьыҟоу ашколқәа, урҭ аклассқәа рҿы аҵара дзырҵо арҵаҩцәа", — иҳәеит иара.
Иара убас, аконцерн ареспубликаҿы егьырҭ аԥшьгарақәагьы нанагӡоит. Иаҳҳәап, аҟәатәи ашкол №15 ахаҿра шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥган, ааигәа-сигәа иҟоу аҵакыра еиҿкаан.
Уи адагьы кыр зҵазкуа аиҭакрақәагьы алагалан: Ҭҟьебучаа иажәақәа рыла, ашкол анапхгара аҳәара ҟарҵеит ахәыҷқәа ршәарҭадара аиҿкааразы — ашкол аҩналарҭа амҩаду аҟынтәи аҩнуҵҟатәи ашҭахь ииаргарц.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҳабырабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы Урыстәыла аиҳабыра рыдҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2026 шықәсазы апроект "Росатом ашкол" Аԥсны асоциалтә аԥшьгарақәа рынагӡара иацнаҵеит, уи афинанстә цхыраара анаҭоит "Росенергоатом".

Аԥсны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи апроект "Росатом ашкол" азеиԥш ҵаратә ҳа ралаҵаразы ихаҭәаау ҭыԥны иҟалеит арҭ аклассқәа. Ареспубликаҿы аус руеит ус еиԥш иҟоу аклассқәа 5: Пицунда — ҩба, акака —Аҟәа, Тамшь, Тҟәарчал.
Ажәабжьқәа зегьы
0