https://sputnik-abkhazia.info/20260903/1065379101.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит. Аганқәа алацәажәеит ашәарҭадара... 03.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-03T18:01+0300
2026-09-03T18:01+0300
2026-09-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/03/1065378935_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_99f4b46a1fe6a8301807eb73046262ec.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит. Аганқәа алацәажәеит ашәарҭадара аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ареспублика аҵакыраҿы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа реиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәеи.
Аԥсны иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан абжьыҭира амш аҽны ашәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, АҩА рминистр Роберт Кьиути Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Абри атәы аанацҳауеит ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура. Абжьыҭира амш аҽны — цәыббра 20 рзы Аԥсны иаадыртуеит 35 алхырҭатә ҭыԥ. Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәаанырцә абжьыҭира аиҿкаара анапы иануп Ацҳаражәҳәарҭа.
"Атомкласс" ҿыцқәа ԥшьба аартын Аԥсны ашколқәа рҿы сынтәатәи аҵарашықәс азы лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. Зыӡбахә азгәаҭоу — Гагратәи алицеи-интернат, гәдоуҭатәи ахәбатәи ашкол, галтәи актәи ашкол, Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу абжьаратә школ рҿы иаарту аклассқәа роуп. Аминистр лажәақәа рыла, ас еиԥш апроектқәа рынагӡара аҵаҩцәа рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. "Ас еиԥш апроектқәа ирыбзоураны — ҳтәыла ԥхьаҟа ашьаҿа ду ҟанаҵоит. Арҭ аклассқәа ԥыжәарас ирымоу амаругақәа рыла еиқәыршәоу ауадақәа рымацара ракәымкәа, — ззанааҭдырра иацызҵо арҵаҩы системала аус ицура ахьымҩаԥырго ауп", — лҳәеит Гәынԥҳа.
Дмитри Кобахьиа ихьӡ зху гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 "Атомкласс" ҿыц аҿы раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит. Уи аконцерн "Росенергоат" еиҿнакааит, иаадыртит цәыббра 1 азы. Ахимиа арҵаҩы Стелла Шәлымԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала акабинет ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла еиқәыршәоуп: акомпиутерқәа, аинтерактивтә ӷәы, амикроскопқәа. Алабораториа акәзаргьы аԥышәарақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу ареактивқәеи, ареагентқәеи, аҭрақәеи рыла еиқәыршәоуп. "Афизикеи ахимиеи реиԥш иҟоу амаҭәарқәа рыҭҵаара иаҭахуп аексперименталтәи апрактикатәи лшарақәа рыҟазаара. Ари аҩыза акласс аҟамзаара арҵаҩы иусура аруадаҩуан", — азгәалҭеит Шәлымԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит. Аганқәа алацәажәеит ашәарҭадара аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ареспублика аҵакыраҿы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа реиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәеи. Аԥсны иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан абжьыҭира амш аҽны ашәарҭадара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, АҩА рминистр Роберт Кьиути Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Абри атәы аанацҳауеит ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура. Абжьыҭира амш аҽны — цәыббра 20 рзы Аԥсны иаадыртуеит 35 алхырҭатә ҭыԥ. Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәаанырцә абжьыҭира аиҿкаара анапы иануп Ацҳаражәҳәарҭа. "Атомкласс" ҿыцқәа ԥшьба аартын Аԥсны ашколқәа рҿы сынтәатәи аҵарашықәс азы лҳәеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. Зыӡбахә азгәаҭоу — Гагратәи алицеи-интернат, гәдоуҭатәи ахәбатәи ашкол, галтәи актәи ашкол, Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу абжьаратә школ рҿы иаарту аклассқәа роуп. Аминистр лажәақәа рыла, ас еиԥш апроектқәа рынагӡара аҵаҩцәа рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. "Ас еиԥш апроектқәа ирыбзоураны — ҳтәыла ԥхьаҟа ашьаҿа ду ҟанаҵоит. Арҭ аклассқәа ԥыжәарас ирымоу амаругақәа рыла еиқәыршәоу ауадақәа рымацара ракәымкәа, — ззанааҭдырра иацызҵо арҵаҩы системала аус ицура ахьымҩаԥырго ауп", — лҳәеит Гәынԥҳа. Дмитри Кобахьиа ихьӡ зху гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 "Атомкласс" ҿыц аҿы раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит. Уи аконцерн "Росенергоат" еиҿнакааит, иаадыртит цәыббра 1 азы. Ахимиа арҵаҩы Стелла Шәлымԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала акабинет ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла еиқәыршәоуп: акомпиутерқәа, аинтерактивтә ӷәы, амикроскопқәа. Алабораториа акәзаргьы аԥышәарақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу ареактивқәеи, ареагентқәеи, аҭрақәеи рыла еиқәыршәоуп. "Афизикеи ахимиеи реиԥш иҟоу амаҭәарқәа рыҭҵаара иаҭахуп аексперименталтәи апрактикатәи лшарақәа рыҟазаара. Ари аҩыза акласс аҟамзаара арҵаҩы иусура аруадаҩуан", — азгәалҭеит Шәлымԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/03/1065378935_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_552ab2bf5b0f8620647b6bd54ad8e667.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио