Аусура иалагеит аԥсуа бызшәа 15 бызшәа рахь аиҭагара зылшо раԥхьатәи "Аиҭагаҩ"
18:06 03.09.2026 (ирҿыцуп: 00:34 04.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Аусура иалагеит аԥсуа бызшәа 15 бызшәа рахь аиҭагара зылшо раԥхьатәи "Аиҭагаҩ", абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳаларатә фонд анапхгаҩы Леуан Лагәлаа.
Ацҵа иаднакылоит — аурысшәа, англыз, аҭырқәшәа, афранцыз, акитаи, адыга бызшәақәа рахь аиҭага. Иара аамҭакала еилнакаауеит — ажәаҳәа, атексттә еиҭага, асинтез.
Афонд аус зыднаулаз даҽа проектны иҟалеит атекстқәа реиҩдырааразы ацҵа. Уи иара убас иалнаршоит атекстқәа аԥсышәала аредакциа рзура.
"Араҟа иҳәатәуп, арҭ ацҵақәа раԥхьатәиқәоуп. Аԥхьаҟа урҭ дырҿыцлоит, ихарҭәаалахоит", — азгәеиҭеит Лагәлаа.
Амаҵзура аус аднаулеит аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳаларатә фонди Аԥсны Аҵара аминистрреи, афинанстә цхыраара — Аԥсны ахада Бадра Гәынба.