Дәрыԥшь ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа аиҭашьақәыргыларазы шаҟа аамҭа аҭаху еилкаахеит
21:44 03.09.2026 (ирҿыцуп: 00:24 04.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Мызки бжаки инарзынаԥшуа иаҭаххоит Дәрыԥшь ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа инагӡаны аиҭашьақәыргыларазы, абри атәы иҳәеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа.
Иара иажәақәа рыла, уажәы апластикатә цәаҳәақәа шьҭарҵеит, уи алагьы аӡы аамҭалатәи аамҭеихшала ирыҭахоит. Анаҩс адгьылҳәазара ааха знаҭаз аӡымҩангагатә цәаҳәақәа 500 метра рҟынӡа рыԥсахуеит.
Аусурақәа рымҽхак дууп, урҭ иуадаҩу арелиеф аҿы имҩаԥысуеит. Аусурақәа анхыркәшахо ҳәа аҳәара ицәыуадаҩхеит иара, избанзар аҳауатә ҭагылазаашьа иахьыԥшу рацәоуп.