Аҳәынҭкомиссиа ишьақәнарӷәӷәеит 2026 шықәсазтәи ақыҭақәа рыҿиаразы апроектқәа рсиа
23:12 03.09.2026 (ирҿыцуп: 00:34 04.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Аҳәынҭкомиссиа ишьақәнарӷәӷәеит 2026 шықәсазтәи ақыҭақәа рыҿиаразы апроектқәа рсиа.
Проектцыԥхьаӡа анагӡаразы иазоужьхоит 1 млн мааҭ ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
▪Гагра араион: Лӡаа хәҭа-хәҭала амҩа абетон ақәҵаны аӡымҩангага ҿыц шьҭарҵоит, Лаҧсҭарҳаи Гагрыԥшьи ашколтә автобусқәа рыҭахоит, Бзыԥҭа — аҭәархыгақәа.
▪Гәдоуҭа араион: Аҷандара аӡымҩангага аԥсахразы атрубақәа аархәоит, Бармышь амҩақәа рҭыжаарақәа ҭарҭәахоит, Жәандәрыԥшь ақыҭа анапхгара аҵакыра еиҿыркаауеит, ахыбрахь аӡымҩангага мҩаныргоит, ихкаахоит, абӷанҷ мҩа еиҭашьақәдыргылоит, Мысра аҳаблан 15 км амҩақәа дрыцқьоит, еиҭашьақәдыргылоит.
▪Аҟәатәи араион: Баслаҭа ақыҭан ахадареи уи иаԥну аҵакыреи рхыбра аремонт азухоит, Гәыма — ақыҭа амҩеихдаәа, Иашҭхәа — афельдшер-акушертә пункт.
▪Гәылрыԥшь араион: Ажареи Драндеи ахадарақәа рхыбрақәа еиҭашьақәдыргылоит, Баҕмаран административтә хыбра акәша-мыкәша хыркааует, Бабышьра ашкол аҿаԥшылара еиҭашьақәдыргылоит, Кацикыҭ ашкол акәша-мыкәша аанда ықәдыргылоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рбаҟа еиҭашьақәдыргылоит.
Гәылрыԥшь аҳаблан ахәыҷтәы хәмарырҭақәа ԥшьба ргылахоит, Маҷареи Ԥшьаԥи ахадара ахыбрақәа рхыбқәа еиҭашьақәдыргылоит, Мархьаул-ахадара аҩнуҵҟатәи ауадақәа, Ҵабал аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыԥсахуеит.
▪Очамчыра араион: Аӡҩыбжьа ахадара ахыбреи ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәеи рахь аӡымҩангагатә цәаҳәақәа мҩаныргоит, Џьгьарда акттә зал ахыб ԥсаххот,иара убас аҽтәы-спорттә хыбразы аматериалқәа аархәоит, Маркәыла ашкол аҵакыра хкаахоит.