Аԥсуа диаспораҿы еиҭарҳәо ацуфара ссирқәа
Аԥсуа диаспораҿы еиҭарҳәо ацуфара ссирқәа
(Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны – ҳаб игәара..." аҟынтә)
🟠 Ардын-ардын шьапы зҵоу, адыӷаџьа тәыҩа зхоу. [Арба(ӷь)]
🟠 Мардак аҿы шьаԥшь каҭәоуп. [Аҵыҵындра]
🟠 Аҳ иаҭәа, ала(а)* иаҭәа, ҳәызба мыркы, еишәа қәымҵа. [Акыках(ш)]
🟠 Суасақәа рҭыӷь заҵә. [Аеҵәақәеи амзеи]
🟠 А́мыӷра иларшәуп, аалх уаԥшыр – ацәа ҟаԥшьуп, аҩнауҵҟа – шкәакәауп. [Ахьа]
🟠 Зҷапан хырымҵәаз хаҵеи ԥҳәысыи закәқәада? [Аадеми Ҳаууаи (Евеи)]
🟠 Хәҷык дсымауп, дхынҳәы-ӡынҳәуа дыдухоит.[ Адарды]
🟠 Хәыԥштәы-хәыԥштәы зҽаилазҳәоо, иааԥымҵәаӡакәа игәырӷьоо. [Ашәҭыцқәа]
Шаҟа цыуарфага жәдыри?
Аҳ, ала́а // ала́ацәа; а́ҳи-ла́аи — князь и его приближенные; царь и его свита
◽ "Ала́ацәа" ажәа ихы иаирхәон абызшәадырҩы Виачеслав Бганба Жәлар Реизара "адепутатцәа" рзы.