https://sputnik-abkhazia.info/20260904/1065389585.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограммақәа шымҩаԥысуа ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы адҵа ҟаҵоуп, апроектқәа аус шыруа азы аинформациа абҵара 1 аҟынӡа еидкылатәуп... 04.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-04T13:01+0300
2026-09-04T13:01+0300
2026-09-04T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/04/1065389419_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0c5ba82586bc521e0ea7d480612a0f1a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограммақәа шымҩаԥысуа ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы адҵа ҟаҵоуп, апроектқәа аус шыруа азы аинформациа абҵара 1 аҟынӡа еидкылатәуп иҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Беслан Џьопуа.Ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплак маҷи абжьаратә наплаки адгылара аҭареи рзы аҳәынҭқарратә программақәа рынагӡашьа иазкны Аԥсны ахада имҩаԥигаз аилатәара ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik аҟны.Абарҭ ашықәсқәа реиԥш анхаҩы ацхыраара ирҭо еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлацызт ҳәа азгәеиҭеит ахада иабжьгаҩ.Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз ақәҵара инақәыршәаны сынтәа Ақыҭа иашықәсны иԥхьаӡоуп.
Аӡы анашьҭраз Речхь ақыҭан амагистралтә ӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ахархәара аиуеит.Уи иалнаршоит Гал араион зегьы аҿы еиҳа уақәгәыӷыртә еиԥш ӡыла аиқәыршәара алыршара: атрубақәа руак аҿы авариа ҟалар аӡы анашьҭра аҩбатәи ахь ииаргар алшоит. Макьаназы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аргыламҭа хадақәа рахь амҩа арыцқьареи аиҭашьақәыргылареи иаҿуп. Уи хымԥадатәиуп ашықәс зегьы атехника ҷыдеи амаҵзуратә усзуҩцәеи уахь рнеира алыршаразы.Цәыббрамза нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара ргәы иҭоуп ҳәа аанацҳаит "Гал-Медиа". Уи инаваргыланы Галтәи аӡыршьҭра аҟазауаа аӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ашьҭаҵара рҽазыҟарҵоит. Аремонт мҩаԥысуеит ӡыла аиқәыршәара аанкыламкәа, ақалақь ауааԥсыра аӡы рызнеиуеит.
Апартиа "Аиҭаира" Аԥсны инхо урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәырц. Нанҳәамза 25 2008 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациатә Хеилаки аҳәынҭқарра ахада Дмитри Медведев иахь ажәадгала ҟарҵеит — Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхеиҵарц."Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи аполитикатә, арратә, асоциал-економикатә, акультуратә партниорра анҳабжьоу, цәыббрамза 20 рзы Аҳәынҭқарратә Думахь имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа раан, дарбанызаалак атәылауаҩ еилкаарыла ихаҭатә ҭаххарала алхра ҟаиҵароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Уи иадҳаԥхьалоит ҳаитәылауаа", — аҳәоит ашәҟәаҿы.
Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ "атомтә класс" аушьҭымҭацәа 20-ҩык зегьы ауниверситетқәа ирҭалеит, ҳәа Спутник адырра алҭеит ашкол ахада Ирина Повирскер.Лара ишылҳәаз ала , ари "атомтә класс" раԥхьаӡатәи аушьҭымҭацәа ԥшьҩык Астрахантәи аҳәынҭқарратә университет иҭалеит, аӡәы Ҭырқәтәыла аҵара иҵарц азы агрант иоуит, егьырҭ Москвеи Казани иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь ицеит.Повирскер иазгәалҭеит аҭҵаарадыррақәа иҵауланы рыҭҵааразы амаругақәа рыла еиқәзыршәаз Росенергоатом аусеицура алыҵшәа бзиақәа шаԥнаҵаз. Ари ашықәсазы агәыӷра рымоуп ашкол анапхгара атомтә класс азы агәыԥ ҿыц шеидкылахо азы
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограммақәа шымҩаԥысуа ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы адҵа ҟаҵоуп, апроектқәа аус шыруа азы аинформациа абҵара 1 аҟынӡа еидкылатәуп иҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Беслан Џьопуа.Ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплак маҷи абжьаратә наплаки адгылара аҭареи рзы аҳәынҭқарратә программақәа рынагӡашьа иазкны Аԥсны ахада имҩаԥигаз аилатәара ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik аҟны.Абарҭ ашықәсқәа реиԥш анхаҩы ацхыраара ирҭо еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлацызт ҳәа азгәеиҭеит ахада иабжьгаҩ.Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз ақәҵара инақәыршәаны сынтәа Ақыҭа иашықәсны иԥхьаӡоуп. Аӡы анашьҭраз Речхь ақыҭан амагистралтә ӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ахархәара аиуеит.Уи иалнаршоит Гал араион зегьы аҿы еиҳа уақәгәыӷыртә еиԥш ӡыла аиқәыршәара алыршара: атрубақәа руак аҿы авариа ҟалар аӡы анашьҭра аҩбатәи ахь ииаргар алшоит. Макьаназы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аргыламҭа хадақәа рахь амҩа арыцқьареи аиҭашьақәыргылареи иаҿуп. Уи хымԥадатәиуп ашықәс зегьы атехника ҷыдеи амаҵзуратә усзуҩцәеи уахь рнеира алыршаразы.Цәыббрамза нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара ргәы иҭоуп ҳәа аанацҳаит "Гал-Медиа". Уи инаваргыланы Галтәи аӡыршьҭра аҟазауаа аӡымҩангага аҩбатәи ацәаҳәа ашьҭаҵара рҽазыҟарҵоит. Аремонт мҩаԥысуеит ӡыла аиқәыршәара аанкыламкәа, ақалақь ауааԥсыра аӡы рызнеиуеит. Апартиа "Аиҭаира" Аԥсны инхо урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәырц. Нанҳәамза 25 2008 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациатә Хеилаки аҳәынҭқарра ахада Дмитри Медведев иахь ажәадгала ҟарҵеит — Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхеиҵарц."Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи аполитикатә, арратә, асоциал-економикатә, акультуратә партниорра анҳабжьоу, цәыббрамза 20 рзы Аҳәынҭқарратә Думахь имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа раан, дарбанызаалак атәылауаҩ еилкаарыла ихаҭатә ҭаххарала алхра ҟаиҵароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Уи иадҳаԥхьалоит ҳаитәылауаа", — аҳәоит ашәҟәаҿы. Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ "атомтә класс" аушьҭымҭацәа 20-ҩык зегьы ауниверситетқәа ирҭалеит, ҳәа Спутник адырра алҭеит ашкол ахада Ирина Повирскер.Лара ишылҳәаз ала , ари "атомтә класс" раԥхьаӡатәи аушьҭымҭацәа ԥшьҩык Астрахантәи аҳәынҭқарратә университет иҭалеит, аӡәы Ҭырқәтәыла аҵара иҵарц азы агрант иоуит, егьырҭ Москвеи Казани иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь ицеит.Повирскер иазгәалҭеит аҭҵаарадыррақәа иҵауланы рыҭҵааразы амаругақәа рыла еиқәзыршәаз Росенергоатом аусеицура алыҵшәа бзиақәа шаԥнаҵаз. Ари ашықәсазы агәыӷра рымоуп ашкол анапхгара атомтә класс азы агәыԥ ҿыц шеидкылахо азы
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/04/1065389419_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c14c9eb0d311f526ecb7b88ffb7b9508.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио