Аԥсны Аҵара аминистрра аколлегиа аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа
13:32 04.09.2026 (ирҿыцуп: 14:30 04.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Иҳаҩсыз аҵарашықәс аихшьаалақәа, аҵаратә стандарт ҿыцқәа рышьақәырӷәӷәара, аҵарашықәс ҿыц азы апланқәа ирызку Аҵара аминистрра аколлегиа аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа.
Аԥсны Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа лықәгылараҿы иазгәалҭеит, аҵарадырра аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика анагӡашьеи, аҵарадырратә усҳәарҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы ауснагӡатәқәеи, ашықәсан аусуратә план анагӡашьеи хылаԥшра хықәкыс ишьҭыхны Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа аҵарадырра анапхгараҿы агәаҭарақәа мҩаԥган ҳәа.
Урҭ агәаҭарақәа рыла азԥхьанҵақәа шьақәыргылоуп:
Аусбарҭа азинтә статус азҵаарақәа рзы.
▫Аҵарадырра анапхгара аиҿкаара азинтә форма аҭаны азакәанԥҵаратә иақәшәо аҟаҵаразы адгыларақәа разырхиара,
▫Аԥҟаԥҵәа аредакциа ҿыц армазеира мамзаргьы аԥсахрақәа алагалара иахьазгәаҭахо,
▫Аҵарадырра аусбарҭа аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭак аҳасабала Аԥсны азакәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара,
▫Арҵаратә усурақәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа ралхра,
▫Ахықәкқәеи, анапынҵақәеи, азинқәеи Аԥсны азакәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара,
▫Аҵарадырра анапхгара аусура финансла аиқәыршәара амеханизмқәа Аԥсны абиуџьет закәанԥҵара аҭахрақәа ирықәшәо аҟаҵара, амуниципалтә дҵақәа финансла реиқәыршәареи иазку аҭагылазаашьақәа алхны, уи аҩыза аус зуа азакәан аҟны иарбамзар,
▫Аҵарадырра анапхгара аԥҵареи закәанла ишьақәыргылоу апроцедура ақәныҟәашьа азинтә хәшьара аҭареи, амуниципалтә мазара аиҿкаареи иаҭахны ианыҟала иаарԥшхаз аилагарақәа раԥыхразы алагалажәақәа разырхиара.
Аиҿкааратә усурақәа рызҵаарақәа рзы.
▫Аҵарадырра анапхгара иахьԥшу аусбарҭақәа рхархәаразы ихымԥадатәиу аинструкциа аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи,
▫Аколлегиатә органқәа рыӡбамҭақәеи, аусеиҿкааратә еилацәажәарақәеи, анапхгара рнапынҵақәеи рынагӡареи асистематә контроль рзеиҿкааразы аҭакԥхықәра зду анагӡаҩцәеи анагӡара аҿҳәарақәеи азгәаҭара.
Аматериалтә-техникатә реиқәыршәара азҵаарақәа рзы.
▫агәыҳалалратә цхыраареи, аҳәынҭқарратә программақәеи, агрантқәеи рԥарала ироуз амаҭәахәқәа ихаҭәаау аинвентаризациа рызура,
▫ишьақәырӷәӷәоу аԥҟара инақәыршәаны заа ашәҟәы иҭаҩҩымыз амазара аҳасабырбатә ԥхьаӡара ашьақәыргылара алыршара.
Аилатәараҿы 2025-2026 аҵарашықәс аихшьалеи алҵшәақәа рыхҳәааи ҟаҵахоит, иара убас 2026-2027 азы аусура аплан иазааҭгылоит.