АШәМ аусзуҩцәа дааныркылеит аԥсуа жәлар рганахьала ицәаԥҽыгоу аҳәамҭақәа ҟазҵаз ахаҵа
16:22 04.09.2026 (ирҿыцуп: 18:01 04.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа Алаҳаӡы инхо Роман Дарсалиа дааныркылеит аԥсуа жәлар рганахьала ицәаԥҽыгоу иҳәамҭақәа рзы.
Уаанӡа Дарсалиа ишиашоу ицо аефир ала украинатәи аблогери иареи еицәажәон. Авидеоеицәажәараан иара иҳәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан аԥсуаа "ақырҭцәа агеноцид рзеиҿыркааит" ҳәа.
"Зегьы иаадыруеит ақырҭуа жәлар ргеноцид шыҟамыз, иҟаз ҳара ҳаԥсуа жәлар ҳгеноцид акәын. Ус ауп ишиасҳәаз, аха иара убас амонтаж ҟаиҵеит. Аҭамзаара дуӡӡа шьҭасҵоит", — иҳәеит Дарсалиа.
Аилагара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит. Ашәарҭадаратә маҵзураҿы инаҵшьны иазгәарҭеит — амаҵзура аинформациатә шәарҭадара аиҿкаареи Аԥсны азакәанԥҵара ақәныҟәареи рзы аусура ишацнаҵо.