Урыстәыла аславианҭҵаара аинститут аҵарауаа Аҟәа алекциақәа ирыԥхьараны иҟоуп
18:02 05.09.2026 (ирҿыцуп: 18:59 05.09.2026)

© Foto / Академия наук Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу аславианҭҵаара аинститут аҵарауаа Аҟәа алекциақәа ирыԥхьараны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа.
Азыӡырыҩцәас иҟалар рылшоит ААР-и ААУ-и аспирантцәа, аҵарауаа ҿарацәа, астудентцәа, изҭаху зегьы. Алекциақәа ирыԥхьоит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аконференц-зал аҿы цәыббра 7, 8, 9 асааҭ 14:00 рзы.
Азыӡырыҩцәас иҟалар рылшоит ААР-и ААУ-и аспирантцәа, аҵарауаа ҿарацәа, астудентцәа, изҭаху зегьы. Алекциақәа ирыԥхьоит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аконференц-зал аҿы цәыббра 7, 8, 9 асааҭ 14:00 рзы.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аетнолингвистикеи афольклори рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Ольга Белова "Мрагыларатәи аславиан жәлар рлегендақәа рҿы адунеии ауаҩи", "Афольклортә архивқәа рҿы афольклор: асовет ҳәынҭқарратәи аполитикатәи еиҿкаарақәа рфондқәа рҿы жәлар ркультура иазку аматериалқәа" атемақәа рыла х-лекциак мҩаԥылгоит.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, абжьаратәи ашәышықәсақәа рҭоурых аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Владимир Петрухин алекциақәа "ХХ ашәышықәса аҩбатәи азбжа аиҿырԥшратә мифологиеи асовет ҭоурыхҭҵаареи", "Адунеи ажәларқәа рмифқәа: аструктурализми аиҿырԥшра-ҭоурыхтә знеишьеи", "Мрагыларатәи Европа Курбан: акәырбантә қьабз аҭоурых" дрыԥхьараны дыҟоуп.
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа аҳаҭыр ду змоу урыстәылатәи аҵарауаа раара ишьақәгылахьоу традициоуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ҳара иаабоит ас еиԥш иҟоу алекциақәа аспирантцәа акыр ирнырыртә ахәарҭа шырзаарго, убри аҟнытә иааиԥмырҟьаӡакәа аҵаратә процесс иалаҳгалоит", — иҳәеит иара.
"Ҳара иаабоит ас еиԥш иҟоу алекциақәа аспирантцәа акыр ирнырыртә ахәарҭа шырзаарго, убри аҟнытә иааиԥмырҟьаӡакәа аҵаратә процесс иалаҳгалоит", — иҳәеит иара.
