Афорум "Аизарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥгахоит ареспубликаҿы
18:26 06.09.2026 (ирҿыцуп: 19:00 06.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа — АНО "Импакт", "Аԥсны Ҿа" ацхыраарала Аветеранцәа рассоциациа, урыстәылатәи ахада игрантқәа Рфонд адгыларала.
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Афорум "Аизарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥгахоит ареспубликаҿы цәыббра 24-25 рзы.
Уи аҽазыҟаҵара иалацәажәеит иахьа "Аԥсны Ҿа" аҟны.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит "Ҳара ҳаицуп" ацентри, Аԥснытәи ахысратә клуби рҟны. Иалахәхоит 50-ҩык аветеранцәеи 100-ҩык аҿар рхаҭарнакцәеи.
Апрограммаҿы иҟоуп адокументалтә фильмқәа рыхәаԥшра, аҿари аветеранцәеи реицәажәара, еиуеиԥшым адисциплинақәа рыла акомандатә еицлабрақәа.

"Аизарҭа ҭыԥ: Аԥсны" аветеранцәа рԥышәеи абиԥара ҿа рымчхареи реидкылара, аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, уи анаҩстәи абиԥарақәа рымадаразы аҭыԥ аԥҵара иазырхоуп", — ҳәа азгәарҭеит "Аԥсны Ҿа" аҟны.