00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Мышкы иахыԥо шәымш иахыԥоит": мышкы — ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы

CC0 / / Рассвет
Рассвет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2026
Анапаҵаҩра
Ашареи ахәлареи ирыбжьанакыз аамҭа мышкы азырҳәоит. Аамҭа ззымхо иоуп мышкы зыԥсо бзиаҵәҟьаны издыруа. Мышкы ажәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи рҿы ишуԥыло шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аамҭа хә-нбанк рыла ишьақәгыло, уазхәыцуа уалагар зҵакы шәҟәык иагәыламӡо ажәоуп. Ганкахьала, аамҭа иааџьоушьаша цәырҵроуп, уаныццакуа — имаҷуп, уаныԥшу — имыцхәуп.
Даҽа ганкахьала, ҳаԥсҭазаараз ишоу аамҭа кьаҿуп, унаҳәны уааҳәаанӡа кәтыҿырҳасырҭак аҩаӡараҿ инаӡошәа иниас ицоит. Уқәыԥшнаҵ аамҭа еиҭамҵуашәа убоит, амала знык ууаҩыбжара уанхықәгылалак, ашықәсқәа мзахоит, амчыбжьқәа мышхоит, асааҭқәа минуҭқәахоит, аминуҭқәа секундахоит.

Аиҿырԥшрақәа

Ашареи ахәлареи ирыбжьанакыз аамҭа мышкы азырҳәоит. Иара ҩажәи ԥшьба сааҭ амҽханакуеит. Аамҭа ззымхо иоуп мышкы зыԥсоу здыруа. Ажәа "мышкы" ҵакыла иазааигәоу ажәақәак ҳрызхьаԥшып:
Мшыбжа́к — половина одного дня, полдня.
Мышкахы-мышкаҵыхәа — в течении одного дня.
Мышныҟәа — дорога в день.
Мшахаан — никогда (в будущем).
Мшаҽны — "мшаҽны дшыҟаз дыҟоуп", он нисколько не изменился, каким был, таким и остался.
Мшаҽнеиԥш — "мшаҽнеиԥш дысгәалашәоит", я его помню как сегодня, я его и сегодня хорошо помню.
Мшызҳа — "мшызҳа изҳауеит", быстро растёт, растёт не по дням, а по часам.
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа

Ажәаԥҟақәа рахьтә

Аԥсуа жәаԥҟақәа ҳажәлар рҟәыӷара иабаҟоуп. Дара ирнубааоит аԥсуа жәлар рхәыцшьа, рдунеидкылашьа, рыԥсҭазаашьа. Иарбан темазаалак иашьашәалоу ажәаԥҟақәа уԥшаауеит.
Жәлар ражәаԥҟақәа иҳарҳәоит: "Мышк пату ақәызҵаз, шәкы ниҵит", "Мышк зырҟьалаз, шәымш ашьҭеиҟьоит", "Мышкы ииз мышкы дыԥсуеит", "Мышкы зыԥсоу здыруа, ашықәс ҳаҭыр изақәуп", "Мышкала иуеиҳау уеиҳа идыруеит", "Мышкы узыгхаз, шықәсык уахьӡом".
Еиҳа инарҭбааны сырзааҭгылоит абарҭ ажәаԥҟақәа:
Мышкы иахыԥо шәымш иахыԥоит. Иахьа иҟауҵаша аус уаҵәахьы иахугар, ихьшәахоит, мамзаргьы зынӡа иузыҟамҵар ҟалоит. Даҽакала иуҳәозар, зегьы ианраамҭоу иҟаҵатәуп.
Абзиа иацлабыз мышкы ибеит. Ауаҩ ҟәыш, ауаҩ бзиа уиҿыԥшыр, абзиарахь укылнагоит убри ауп иҳабжьнаго иааго ажәаԥҟа.
"Ҽнак аҳра зауз, шәҩык рхы хисеит"; "Мышкы аҳра зауз, шәҩык рхы хисеит". Изықәнагам, ҽнак иадамхаргьы аиҳабра аниоу, инапаҵаҟа иҟоу ажәлар ацәгьара иақәиршәоит.
Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Агәҽанызаара еснагь ибзиоуп. Амҩа уанықәло ибзианы уҽеиқәуршәароуп. Иҟалоит уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа иҟамлар. Иаҿурԥшыр алшоит аурыс ажәаԥҟа "Едешь на день, хлеба бери на неделю".
Згәы мцаз мышкы ибеит. Ауаҩы иагьа шәарҭа ӷәӷәа дҭагылазаргьы, дымшәар, игәы мцар ихы еиқәирхар ҟалоит.
Мышныҟәа иныҟәаз, шьыбжьаанӡаныҟәа игхеит. Ихықәкы, иус наигӡарц, далгарц маҷк зыгхаз изы ирҳәоит.
Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2020
Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа

Жәлар рҳәамҭак

Амчыбжь шьақәзыргыло амшқәа аимхәыц еиԥшшәа еихаԥсоуп. Акы узалхуам, акы узалаҵом. Убас аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа урылаԥшуа ушнеиуа иубоит амчыбжь шышьақәгылаз атәы еиҭазҳәо ҳәамҭак. Уи агәылалеит К.С. Шьаҟрыл иеиқәиршәаз ашәҟәы "Иҭамбаӡо жәлар рӡыхь". Ҳазхьаԥшып иара:
"Ҽнак зны арахә рацәаны измаз нхаҩык сасцәақәак иҭааит. Ԥыҭраамҭакгьы исасит.
Аԥшәма исасцәа ԥшь-шьапык зҵаз рзишьит, рхәы ҟаиҵан акрырфеит-акрыржәит. Асасцәа анааиз аҽны – ашәахьа ахьӡитәит. Адырҩаҽны исасцәа ҩба рзишьит, избан акәзар, исасцәа рашәаҳәабжь заҳаз анааиза, ауаа рацәахан, ак рызхомызт. Ҩба аныршьыз амш – аҩаша ахьӡиҵеит. Адырҩаҽны хԥа анишь амш – ахаша ҳәа ахьӡиҵеит. Аԥшьымш рзы ԥшьба рзишьит, ԥшьба анишь амш – аԥшьаша иҳәеит. Ахәымш рзы хәба анырзишь – ахәаша ахьӡхалеит. Афымш рзы егьимшьит – иахьа сабаԥ мшуп (иԥшьоу мшуп), ашьакаҭәара ҟалаӡом, асабша ахьӡитәит иара. Абжьымш рзы исасцәа амҩа иқәиҵеит, амҩақәҵара мшы – амҽыша ахьӡзааит, иҳәеит аԥшәма.
Абас, амчыбжь шьақәзыргыло абжьымш досу ахьӡқәа риҭеит аԥсуа".
Ажәабжьқәа зегьы
0