Гәдоуҭа араион аҿы адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп
10:27 07.09.2026 (ирҿыцуп: 11:04 07.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп.
Аихамҩатә инфраструктура амшцәгьа иахҟьаны ааха ӷәӷәа аиуит ҳәа аанацҳауеит "Аԥснытәи аихамҩақәа".
Ааха роуит Гәдоуҭа — Жәандәрыԥшь иахьаҵанакуа афымцашьаҟақәа хԥа иреиҵамкәа. Уи иахҟьаны астанциа маҷқәа фымцалашарада иаанхеит.
Уажәы аҭыԥ аҿы арҽеиратә усурақәа цоит, урҭ рхыркәшара аҿҳәара макьаназы еилкаам.
Апассаџьырцәа рҭыԥқәа рҟынӡа автобусқәа рыла инаргоит.