Архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа "Ажәытә Гәдоуҭа" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи аҿы
17:58 07.09.2026 (ирҿыцуп: 18:10 07.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа "Ажәытә Гәдоуҭа" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аҿы Ақалақь амш аҽны.
Аекспозициа шьақәгылоуп Дмитри Севастиди ихатә архив аҟынтәи 125 ҭыхымҭа рыла. Иара иажәақәа рыла, иқалақь гәакьа ажәытә фотосахьақәа реизгара далагеит 30 шықәса раԥхьа, иахьа иархив еиднакылоит 1000 инареиҳаны аҭыхымҭақәа.
Ацәыргақәҵаҿы ицәыргоу афотосахьақәа ҟаҵан XIX ашәышықәса анҵәамҭа инаркны XX ашәышықәса анҵәамҭанӡа.
Иара убас, ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны асахьаҭыхыҩцәа ҟазацәа рыбжьара аицлабра мҩаԥысит. Амузеи аҭааҩцәа иргәаԥхаз аусумҭақәа рзы рыбжьы рҭииртә еиԥш аҭагылазаашьа рыман.
Абжьыҭира алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥ ааникылеит — Алхас Кәырмазиа, аҩбатәи — Беслан Арӡынба, ахԥатәи — Валериа Мандрыкина. Урҭ аԥаратә ҳамҭақәа роуит.