https://sputnik-abkhazia.info/20260908/1065470117.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан зусура хацзыркыз агротуристә ферма раԥхьатәи асасцәа иргәаԥхаз рацәоуп, насгьы дара аҵаҳәақәа ҟарҵеит — иҟауҵаша, иуԥсахша... 08.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-08T13:01+0300
2026-09-08T13:01+0300
2026-09-08T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/08/1065469951_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_408d3e940bce580e6f91d6059e75e9d6.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан зусура хацзыркыз агротуристә ферма раԥхьатәи асасцәа иргәаԥхаз рацәоуп, насгьы дара аҵаҳәақәа ҟарҵеит — иҟауҵаша, иуԥсахша, иацуҵаша иҳәеит аҭаацәаратә бизнес ахаҭарнак Алхас Қапба.Қапба иажәақәа рыла, раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа ргәыԥ 20-ҩык иреиҵамкәа иҟан."Асасцәа аинтерес рымоуп — аҳәарақәа, ауасақәа, аџьмақәа акрырҿарҵар, иара убас, ҳасасцәа ашә хырхлоит, аџьыка ҟарҵалоит", — иҳәеит иара.Аԥсабара ахаҭа иуанаҳәоит ақыҭараҿы аиԥш зеиԥшу аҭыԥқәа шаҭаху ҳәа агәаанагара имоуп иара.
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр жәларбжьаратәи амузыка ҿыц афестиваль «ВЕСНА» иалахәхоит.Иара мҩаԥгахоит цәыббра 11-13 рзы Смоленск, еиҿнакааит апроект War Gonzo Смоленсктәи аобласт ахадара алархәны. Ари аҩыза раԥхьатәи афестиваль мҩаԥысит Аԥсны, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Уи хықәкы хадас иаман аҟазара аҳәаақәа шаԥнахуа , еиуеиԥшым акультурақәеи атрадициақәеи змоу ауаа шеиднакыло аарԥшра . Абри атәы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра.
Еицырдыруа амузыкантцәа афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа- 2026" иалахәхоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа.Санкт-Петербургтәии Москватәии аҳәынҭқарратә консерваториа ауарӷани клавесини ркафедрақәа реиҳабацәа Даниель Зарецкии Рубин Абдуллини ықәгылоит."Даара игәахәароуп аамҭа ахьырыԥшааз, ҳфестиваль аҿы асолотә концертқәа ахьымҩаԥырго", — иҳәеит Гаделиа.Иара убас, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит аҭыԥантәи ашәаҳәаҩцәа — аскрипкарҳәаҩы Емилиа Терзиан-Ҳагбеи асаксофонист Адам Ҳагбеи. Афестиваль аатит цәыббра 7 рзы. Афестиваль ахыркәшаратә мшы аҽны, цәыббра 11 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥгахоит Лука Гаделиа исолотә концерт, асааҭ 20:00 рзы агала-концерт.
Аҟәа ахәҭак иахьа лашарада иаанханы иҟоуп астанциа маҷ "Синоп" аҿы имҩаԥысуа аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.Лашарада иаанхоит асааҭ 11:00 инаркны 15:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 384 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Бриансктәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.Адронқәа Саратов ажәлара иахҟьаны 10-ҩык ааха роуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хҩык ахәыҷқәа. Фҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп иҳәеит агубернатор Роман Бусаргин.
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан зусура хацзыркыз агротуристә ферма раԥхьатәи асасцәа иргәаԥхаз рацәоуп, насгьы дара аҵаҳәақәа ҟарҵеит — иҟауҵаша, иуԥсахша, иацуҵаша иҳәеит аҭаацәаратә бизнес ахаҭарнак Алхас Қапба.Қапба иажәақәа рыла, раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа ргәыԥ 20-ҩык иреиҵамкәа иҟан."Асасцәа аинтерес рымоуп — аҳәарақәа, ауасақәа, аџьмақәа акрырҿарҵар, иара убас, ҳасасцәа ашә хырхлоит, аџьыка ҟарҵалоит", — иҳәеит иара.Аԥсабара ахаҭа иуанаҳәоит ақыҭараҿы аиԥш зеиԥшу аҭыԥқәа шаҭаху ҳәа агәаанагара имоуп иара. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр жәларбжьаратәи амузыка ҿыц афестиваль «ВЕСНА» иалахәхоит.Иара мҩаԥгахоит цәыббра 11-13 рзы Смоленск, еиҿнакааит апроект War Gonzo Смоленсктәи аобласт ахадара алархәны. Ари аҩыза раԥхьатәи афестиваль мҩаԥысит Аԥсны, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Уи хықәкы хадас иаман аҟазара аҳәаақәа шаԥнахуа , еиуеиԥшым акультурақәеи атрадициақәеи змоу ауаа шеиднакыло аарԥшра . Абри атәы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра. Еицырдыруа амузыкантцәа афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа- 2026" иалахәхоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа.Санкт-Петербургтәии Москватәии аҳәынҭқарратә консерваториа ауарӷани клавесини ркафедрақәа реиҳабацәа Даниель Зарецкии Рубин Абдуллини ықәгылоит."Даара игәахәароуп аамҭа ахьырыԥшааз, ҳфестиваль аҿы асолотә концертқәа ахьымҩаԥырго", — иҳәеит Гаделиа.Иара убас, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит аҭыԥантәи ашәаҳәаҩцәа — аскрипкарҳәаҩы Емилиа Терзиан-Ҳагбеи асаксофонист Адам Ҳагбеи. Афестиваль аатит цәыббра 7 рзы. Афестиваль ахыркәшаратә мшы аҽны, цәыббра 11 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥгахоит Лука Гаделиа исолотә концерт, асааҭ 20:00 рзы агала-концерт. Аҟәа ахәҭак иахьа лашарада иаанханы иҟоуп астанциа маҷ "Синоп" аҿы имҩаԥысуа аремонттә усурақәа ирыхҟьаны.Лашарада иаанхоит асааҭ 11:00 инаркны 15:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 384 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Бриансктәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.Адронқәа Саратов ажәлара иахҟьаны 10-ҩык ааха роуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хҩык ахәыҷқәа. Фҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп иҳәеит агубернатор Роман Бусаргин.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/08/1065469951_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_abc4b9a4ae1b819e6d263eaab21001bd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио