Санкт-Петербургтәи аоториноларингологцәа нагақәа Аԥсны апациентцәа рыдыркылалоит
13:57 08.09.2026 (ирҿыцуп: 15:04 08.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Санкт-Петербургтәи аоториноларингологцәа нагақәа Аԥсны апациентцәа рыдыркылалоит.
Аинститут адиректор, апрофессор Владимир Дворианчиков зхадараҿы иҟоу Санкт-Петербургтәи алымҳаи, ахәдеи, аԥынҵеи, ацәажәареи рыҭҵаарадырратә институт аделегациа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа идикылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аделегациа Аԥсны иҟазаауеит цәыббра 11 рҟынӡа. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы Владимир Дворианчикови Радион Ачбеи аоперациақәа еицыҩаԥыргоит. Иара убас, аҳақьымцәа-аԥҟаҩцәа апациентцәа абжьгарақәа рырҭоит, злымҳа иагу ахәыҷқәа рыдыркылоит.
Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр аҿы — асурдолог, аоториноларинголог-ҳақьым, асурдорҵаҩы алахәны идагәу ахәыҷқәа рзы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Уи адагьы, апрограмма иарбоуп — ҿыц ииз ахәыҷқәа рлымҳа ишаҳауа азы инарҭбаау амедгәаҭарақәеи, аилагарақәа заанаҵы раарԥшразы асеминарқәеи аҟаза-иклассқәеи мҩаԥгахоит. Злымҳа иагу ахәыҷқәа рҭаацәа рзы алекциа мҩаԥыргоит.