Аклассикатә музыка аконцерт "Аҟәа абжьы" мҩаԥысит Диоскураа рыԥшаҳәаҿы
20:22 08.09.2026 (ирҿыцуп: 20:43 08.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхаицук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Аклассикатә музыка аконцерт "Аҟәа абжьы" мҩаԥысит Диоскураа рыԥшаҳәаҿы.
"Ари ҳапроект "Аԥсуа сезонқәа" аҩбатәи аусмҩаԥгатә ауп. Раԥхьатәи иналукааша хҭысны ишыҟалаз "Кавказ ажәларқәа ркультура афорум ду", — ҳәа азгәалҭеит апроект "Аԥсуа сезонқәа" анапхгаҩы Илона Елерџьиаԥҳа.
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит афлеитарҳәаҩы Анастасиа Курочкина, аскрипкарҳәаҩы Ирена Окуџьаа, афортепиано — Нора Окуџьаа. Урҭ ихәмаруан еиуеиԥшым аамҭақәеи астильқәеи ирыҵаркуа аԥсуеи аҳәаанырцәтәии акомпозиторцәа рҩымҭақәа.
Амузыкантцәа инарыгӡеит аԥсуа музыка арҿиамҭақәа, адунеитә классикатә шедеврқәа, еицырдыруа акиномелодиақәа, алирикатә ноктиурнқәа.
Ауснагӡатә еиҿнакааит "Аԥсуа сезонқәа", ацхыраара рырҭеит — Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди, Аҟәа ахадареи, Аҟәа ақалақь аԥшаҳәеи апаркқәеи рдирекциеи.