https://sputnik-abkhazia.info/20260909/1065501844.html
Геннади Онишьенко Аԥсны арекреациатә лшарақәа ахәшьара риҭеит
Геннади Онишьенко Аԥсны арекреациатә лшарақәа ахәшьара риҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Аԥсны арекреациатә лшарақәа еизнарҳароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла АР ракадемик... 09.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-09T14:51+0300
2026-09-09T14:51+0300
2026-09-09T16:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/0c/1046889588_0:159:3077:1890_1920x0_80_0_0_3f6ab1e570651f2e9057559ca6921e68.jpg
АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Аԥсны арекреациатә лшарақәа еизнарҳароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла АР ракадемик, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы Геннади Онишьенко."Ишәымоу арекреациатә лшарақәа аамҭа иашьашәало иҟаҵатәуп, уи абзазаратә маҵзура адагьы амедицинатә маҵзура акәхарц азгьы... Усеиԥш ҟашәҵалар, ҳара ҳтәылауаагьы ргәабзиара аиқәырхара шәҳацхраауеит", — азгәеиҭеит иара авидеоцҳа Москва — Аҟәа — Минск — Ташкент амҩаԥысраан.Онишьенко иазгәеиҭеит есышықәса миллионҩыла урыстәылаа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа ишаауа. Иара игәаанагарала акурорт аларҵәаразы аинфраструктура еихаҳалатәуп, аргыларақәа нап дырктәуп, уи иалнаршоит атуризм биуџьетеиҿкааратә хыҵхырҭа хаданы аҟаҵара.Аӡырԥхақәеи арадонтә ӡыӡыҵырҭақәеи рҿы аҽыкәабарақәа ран амедицинатә хылаԥшра ыҟазарц абжьгара ҟаҵоуп иҳәеит аҳақьым.Иара ихы алаирхәит авидеоцҳа Москва — Аҟәа — Минск — Ташкент "ЕАЕС атәылақәа рбиошәарҭадара" атемала имҩаԥысуа.Онишьенко иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаауа атуристцәа аҳақьымцәа рабжьгара рымазароуп, аӡырԥхатә ма арадонтә ҽыкәабарҭақәа рыдыркылаанӡа. Лымкаала арҭ аԥкрақәа ззырхоу агәы-шьадатә чымазарақәа змоу ауаа роуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/0c/1046889588_173:0:2904:2048_1920x0_80_0_0_35df523322f4d399e04cd3367cb62a8b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Аԥсны арекреациатә лшарақәа еизнарҳароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла АР ракадемик, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы Геннади Онишьенко.
"Ишәымоу арекреациатә лшарақәа аамҭа иашьашәало иҟаҵатәуп, уи абзазаратә маҵзура адагьы амедицинатә маҵзура акәхарц азгьы... Усеиԥш ҟашәҵалар, ҳара ҳтәылауаагьы ргәабзиара аиқәырхара шәҳацхраауеит", — азгәеиҭеит иара авидеоцҳа Москва — Аҟәа — Минск — Ташкент амҩаԥысраан.
Онишьенко иазгәеиҭеит есышықәса миллионҩыла урыстәылаа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа ишаауа. Иара игәаанагарала акурорт аларҵәаразы аинфраструктура еихаҳалатәуп, аргыларақәа нап дырктәуп, уи иалнаршоит атуризм биуџьетеиҿкааратә хыҵхырҭа хаданы аҟаҵара.
Аӡырԥхақәеи арадонтә ӡыӡыҵырҭақәеи рҿы аҽыкәабарақәа ран амедицинатә хылаԥшра ыҟазарц абжьгара ҟаҵоуп иҳәеит аҳақьым.
Иара ихы алаирхәит авидеоцҳа Москва — Аҟәа — Минск — Ташкент "ЕАЕС атәылақәа рбиошәарҭадара" атемала имҩаԥысуа.
Онишьенко иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаауа атуристцәа аҳақьымцәа рабжьгара рымазароуп, аӡырԥхатә ма арадонтә ҽыкәабарҭақәа рыдыркылаанӡа. Лымкаала арҭ аԥкрақәа ззырхоу агәы-шьадатә чымазарақәа змоу ауаа роуп.