Асахьаҭыхыҩ Данаҟаи Адлеиба иусумҭақәа цәыргоуп Жәларбжьаратәи аиармарка Cosmoscow аҟны
16:10 09.09.2026 (ирҿыцуп: 16:41 09.09.2026)

© Foto / Данакай Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Асахьаҭыхыҩ Данаҟаи Адлеиба иусумҭақәа цәыргоуп Жәларбжьаратәи аиармарка Cosmoscow аҟны.
Аиармарка Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҟазара еиҳа мэхакыла идуу, акрызҵазкуа ируакуп, уаҟа ицәыргоуп иналукааша агалереиақәеи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәеи русумҭақәа.
Адлеиба ицәыригеит идипломтә проект "Иҭышәынтәалам амаҭәахәқәа рҵакырақәа" аҟынтәи аусумҭақәа.
Апроект иалан аусумҭа "Аӡра ашьҭахь", быжь-релиефки аскульптурақәа хԥеи.
Адлеиба иажәақәа рыла, асахьаҭыхыҩ қәыԥш изы ари аҩыза аусмҩаԥгатә аҽалархәра аҵакы змоу хҭысуп, ирҿиара еиуеиԥшым аудиториа дырбаразы илшароуп.

"Раԥхьа иргыланы сара сзы Cosmoscow аҽалархәра иаанаго ашықәс зегьы сызҿыз апроект аҟазаароуп. Сара сзы уи сынтәатәи ашықәс зегьы гәык-ԥсыкала, ииашаҵәҟьоуп ҳәа иҟасҵоз аанарԥшуашәа иҟоуп. Ари схәыцрақәеи сыгәҭыхақәеи егьырҭ ауаагьы ақәҿырҭыр шрылшо снарбоит", — ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Данаҟаи Адлеиба.
Асахьаҭыхыҩ иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа даналахәха ашьҭахь зегь реиҳа ихадоу еилкаараны ишыҟалаз — акыр ихаҭалатәыз амаҭәарқәеи агәҭыхақәеи рыкәша-мыкәша иаԥиҵоз апроект иара имацара шиакәм еилызкааз.