КВН апроект ҷыда "Урыстәыла еизгоу акоманда — Аԥсны еизгоу акоманда" актәи аканал аҿы иддырбоит асабша, цәыббра 12 рзы.
08:10 10.09.2026 (ирҿыцуп: 08:26 10.09.2026)
Анапаҵаҩра
КВН апроект ҷыда "Урыстәыла еизгоу акоманда — Аԥсны еизгоу акоманда" актәи аканал аҿы иддырбоит асабша, цәыббра 12 рзы.
Ахәмарра аефир ахь ицәырҵуеит ахәылԥазтәи ажәабжьқәа рышьҭахьҵәҟьа, асааҭ 21:35 рзы ҳәа аанацҳауеит Илахҿыху, еиҿамсу рыклуб.
Уи аҭыхрақәа раԥхьаӡакәны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан ԥхынгәы 3.
Урыстәыла еизгоу акомандеи "Аԥснынтәи Нарҭааи" еицлабуан х-хырхарҭак рҿы: аԥсшәаҳәара, "разминка", амузыкатә еицлабра. Ажиури иӷәӷәаӡоу ҳәа иалыркааз акоманда дырым, уи аилкаара алшоит "Актәи аканал" аефир аҿы мацара.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Урыстәыла ахадареи, Аԥсны ахадареи, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәылатәи ахада Ифонди рыцхыраарала.