00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
-2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Амигрантцәа Урыстәыла иҟарҵо ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иаалырҟьаны илаҟәит. 2025 шықәсазы 41 нызқь цәгьоура азгәаҭазар, 2026 шықәса актәи азыбжазы — 14,5 нызқь роуп иазгәаҭоу, 40% рыла еиҵоуп ҳәа Владимир Путин изеиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩра азҵаарақәа рзы Амаҵзура аиҳабы Андреи Кикот. Иара иҳәеит 800 000-ҩык аҳәаанырцәуаа амиграциатә закәанԥҵара шеиларгаз, хылаԥшра зырҭо ахаҿқәа рсиа ишаларгалаз, азинеилагарақәа ҟазҵаз 197 000-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа алалара азин шрымху.
Иаха Шәача аԥшаҳәаҿы украинатәи амҩақәҵаҩ дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны 28-ҩык ааха роуит. Ааха зауз ҩыџьа хәыҷқәоуп ҳәа азгәарҭеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперативтә штаб аҿы. Урҭ зегьы амедицинатә цхыраара рырҭеит, уажәазы ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит 3-ҩык адуцәеи хәыҷыки.
КВН апроект ҷыда "Урыстәыла еизгоу акоманда — Аԥсны еизгоу акоманда" Актәи аканал аҿы иддырбоит асабша, цәыббра 12 рзы. Ахәмарра аефир ахь ицәырҵуеит ахәылԥазтәи ажәабжьқәа рышьҭахьҵәҟьа, асааҭ 21:35 рзы ҳәа аанацҳауеит Илахҿыху, еиҿамсу рыклуб. Уи аҭыхрақәа раԥхьаӡакәны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан ԥхынгәы 3. Урыстәыла еизгоу акомандеи "Аԥснынтәи Нарҭааи" еицлабуан х-хырхарҭак рҿы: аԥсшәаҳәара, "разминка", амузыкатә еицлабра. Ажиури иӷәӷәаӡоу ҳәа иалыркааз акоманда дырым, уи аилкаара алшоит "Актәи аканал" аефир аҿы мацара. Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Урыстәыла ахадареи, Аԥсны ахадареи, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәылатәи ахада Ифонди рыцхыраарала.
Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳча "Нарҭ" аиҭашьақәыргылара мҩаԥаагоит. Иахьа уи даҭааит аԥыза-министр Владимир Делба ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Иара араион ахада Асҭамыр Аргәын дицны игәеиҭеит ахәыҷбаҳча ахыбра, адренажтә система, инагӡаны еиҭашьақәыргыламыз аӡәӡәарҭагьы уахь иналаҵаны. Делба иҳәеит макьаназы Акапиталтә ргылара анапхгареи аспециалистцәеи Дәрыԥшь ӡыла аиқәыршәара шеиҭашьақәдыргыло. Аусурақәа изаамҭанытәиу рыхәҭа анхыркәшахалак ашьҭахь ахәыҷбаҳча аремонт азҵаара аҭҵаара иалагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0