Аԥснынтәи 1 400-ҩык аҿар Урыстәыла еиуеиԥшым афорумқәеи афестивальқәеи рхы рыладырхәит
13:48 10.09.2026 (ирҿыцуп: 14:13 10.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Шықәсык аҩнуҵҟа Аԥснынтәи 1 400-ҩык инареиҳаны аҿар Урыстәыла еиуеиԥшым афорумқәеи афестивальқәеи рхы рыладырхәит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагба.
Иара ААУ аҿы, Екатеринбург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль ахь ицараны иҟоу Аԥсны аделегациа рҿаԥхьа дықәгылеит.
"Шәара ишәоуеит алшара адырра ҿыцқәа роураз, ауаа ҿыцқәа рабадырраз. Азҵаарақәа рыҭира шәацәымшәан, аиҿцәажәарақәа шәыҽрылашәырхәла, аха убри аан, шәара баша лахәылацәаны шәшыҟам, шәара милаҭрацәала еилоу ҳажәлар шәшырхаҭарнакцәоу жәдыруаз. Шәара ҳкультура, ҳреспублика шәырхаҭарнакцәоуп", — азгәеиҭеит Ҳагба.
Иара иҳәеит афестиваль анхыркәшахалак ашьҭахь Аԥсныҟа иаараны ишыҟоу жәларбжьаратәи аделегациа ду.
"Адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 28-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәуаа ҳтәылахь иаауеит. Шәареи ҳареи иаҳзеиԥшу усуп Аԥсны шыҟаҵәҟьоу урҭ дырбара", — ҳәа иажәа хиркәшеит Ҳагба.
"Адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 28-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәуаа ҳтәылахь иаауеит. Шәареи ҳареи иаҳзеиԥшу усуп Аԥсны шыҟаҵәҟьоу урҭ дырбара", — ҳәа иажәа хиркәшеит Ҳагба.

