Кациа: Аҩызауад Очамчыра араион аекономикатә ҭышәынтәалараҿы алагала ду ҟанаҵоит
14:59 10.09.2026 (ирҿыцуп: 16:39 10.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Лабра ақыҭан иҟоу азауад "Ачба Иашҭа" аалыҵ аҭыжьра иалагеит 2025 шықәсазы, уа аус руеит 40-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Лабра ақыҭан иҟоу аҩызауад Очамчыра араион аекономикатә ҭышәынтәалараҿы алагала ду ҟанаҵоит ҳәа азгәеиҭеит араион ахада Алхас Кациа.
"Ҳара ари аарыхра агәыӷра дуқәа адаҳҳәалоит. Иахьа шьҭа лабҿаба иубарҭоуп азауад абиуџьет еиҿкааратә наплакқәа ишреиуоу", — иҳәеит иара.
Аԥхьа ари аҭыԥ аҿы ажь еиҭарҳаит, нас азауад аусура иаладыргеит, анаҩс аресторан аадыртит. Уи Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи бзиа ирбо ҭыԥны иҟалеит. Аҩызауад аҿы ақыҭауаа рацәаҩны аус руеит, уи араион азы аҵак ду амоуп.
"Урҭ ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа — Лабра, Кәтол, Џьгьарда иреиуоу уаауп. Ари аарыхраҿы аус зуа аусзуҩцәа реиҳара аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп. Урҭ ақыҭақәа рҟынтәи ақалақьқәа рахь рцара ҳаналацәажәо, араҟа ҳара иаабоит шьҭахьҟа рыхынҳәра", — ҳәа ациҵеит Алхас Кациа.
Иара убас, ааигәа Лабра ахшзауад аусура иалагеит. Ақыҭаҿы аглемпингқәа рыргыларазгьы апланқәа ыҟоуп.
Ари зегьы хра амоуп ҳәа азгәеиҭеит Кациа. Иара иажәақәа рыла, сынтәа мацара 70-ҩык рҟынӡа рқыҭақәа рахь ихынҳәны ақыҭанхамҩа нап адыркырц рыӡбеит.
Лабра ақыҭан аҩызауад "Ачба Иашҭа" аргылара мҩаԥган ВТБ Абанк ацхыраарала 2022-2025 шықәсқәа рзтәи альготатә кредит аҭара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.