https://sputnik-abkhazia.info/20260910/1065534337.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ареспублика аделегациа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҟынтәи ианыхынҳәлак, астратегиатә сессиа мҩаԥгазарц ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ... 10.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-10T18:01+0300
2026-09-10T18:01+0300
2026-09-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0a/1065534171_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_07c8ff52ac70ca8ee481e188bafa5da8.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ареспублика аделегациа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҟынтәи ианыхынҳәлак, астратегиатә сессиа мҩаԥгазарц ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Иара агәрагара ааирԥшит аԥсуа ҿар ихиоу проектқәаны зыҟаҵара алшо аидеиа ҿыцқәа рыманы ишыхынҳәуазы."Арҭ аидеиақәа аекономика, асоциалтә усхк, ауаажәларратә усура дырҿиалар акәхоит. Алҵшәоуп ҳазлацәажәо. Иҟазароуп алҵшәақәеи ахықәкқәеи", — азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ ААУ аҟны аделегациеи иареи реиԥылара аан.
Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаалатәи роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны, жьҭаара 12-16 рзы. Урҭ реиҿкаара шьақәирӷәӷәеит ар рхада Бадра Гәынба. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аԥсны арратә ҟәшақәа, арезервистцәа, урыстәылатәи аррамаҵзурауаа. Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит артиллериа, акәылӡтәы техника, авиациа рхархәарала аибашьраан ар рхархәашьа аус адулара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит технологиа ҳаракыла аахаҟаҵареи, анапхгараҭареи, арадиоелектронтә ҿагылареи рхархәагақәа рхархәара.
Sputnik PRO апроект амодуль "Ажурналистикеи атекстқәа ргенерациеи: ишԥеилагӡатәу?" мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәеит ажурналистикаҿы ИА ииашаны рхы ишадырхәаша, уи еснагь ииашоума, атехнологиа ҿыцқәа шаҟа рыгәра угар алшо, насгьы иарбан харџьқәоу урҭ узықәдыршәо.Амедиа аинститут "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" адиректор ихаҭыԥуаҩ, амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа" абжьгаҩ, апрофессор Олег Дмитриев иазгәеиҭеит, Урыстәыла ИА аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы ахархәара ишалагахьоу, "Иԥсабаратәым ахдырра" ҳәа аилкаара официалла ишышьақәырӷәӷәоу.
Ашьапылампылтә клуб Vibe Аҟәаҟа иааит. Аҳаирбаӷәазаҿы урҭ ирԥылеит итрадициатәу аԥсуа сасдкылара ала. Акоманда азыҟаҵаҩ хада Дмитри Кузнецов иазгәеиҭеит уажәадагьы ареспубликахь дшаахьаз, уи амилаҭтә ҷыдарақәа бзианы ишидыруа. "Сгәыӷуеит, ҳкоманда ахәаԥшцәа ргәы канамыжьып, ашьапылампыл бзиа, улаԥш зыдхало ахәмарра дҳарбап ҳәа. Ҳәарада, шәкоманда еиԥш аиааира ҳҭахуп. Убри аҟнытә ақәԥара ҳазыԥшуп", — иҳәеит иара.
Ареспублика аделегациа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҟынтәи ианыхынҳәлак, астратегиатә сессиа мҩаԥгазарц ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Иара агәрагара ааирԥшит аԥсуа ҿар ихиоу проектқәаны зыҟаҵара алшо аидеиа ҿыцқәа рыманы ишыхынҳәуазы."Арҭ аидеиақәа аекономика, асоциалтә усхк, ауаажәларратә усура дырҿиалар акәхоит. Алҵшәоуп ҳазлацәажәо. Иҟазароуп алҵшәақәеи ахықәкқәеи", — азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ ААУ аҟны аделегациеи иареи реиԥылара аан.Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаалатәи роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны, жьҭаара 12-16 рзы. Урҭ реиҿкаара шьақәирӷәӷәеит ар рхада Бадра Гәынба. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аԥсны арратә ҟәшақәа, арезервистцәа, урыстәылатәи аррамаҵзурауаа. Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит артиллериа, акәылӡтәы техника, авиациа рхархәарала аибашьраан ар рхархәашьа аус адулара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит технологиа ҳаракыла аахаҟаҵареи, анапхгараҭареи, арадиоелектронтә ҿагылареи рхархәагақәа рхархәара.Sputnik PRO апроект амодуль "Ажурналистикеи атекстқәа ргенерациеи: ишԥеилагӡатәу?" мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәеит ажурналистикаҿы ИА ииашаны рхы ишадырхәаша, уи еснагь ииашоума, атехнологиа ҿыцқәа шаҟа рыгәра угар алшо, насгьы иарбан харџьқәоу урҭ узықәдыршәо.Амедиа аинститут "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" адиректор ихаҭыԥуаҩ, амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа" абжьгаҩ, апрофессор Олег Дмитриев иазгәеиҭеит, Урыстәыла ИА аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы ахархәара ишалагахьоу, "Иԥсабаратәым ахдырра" ҳәа аилкаара официалла ишышьақәырӷәӷәоу.Ашьапылампылтә клуб Vibe Аҟәаҟа иааит. Аҳаирбаӷәазаҿы урҭ ирԥылеит итрадициатәу аԥсуа сасдкылара ала. Акоманда азыҟаҵаҩ хада Дмитри Кузнецов иазгәеиҭеит уажәадагьы ареспубликахь дшаахьаз, уи амилаҭтә ҷыдарақәа бзианы ишидыруа. "Сгәыӷуеит, ҳкоманда ахәаԥшцәа ргәы канамыжьып, ашьапылампыл бзиа, улаԥш зыдхало ахәмарра дҳарбап ҳәа. Ҳәарада, шәкоманда еиԥш аиааира ҳҭахуп. Убри аҟнытә ақәԥара ҳазыԥшуп", — иҳәеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0a/1065534171_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_a252b9503140018a1878b7468cb0c388.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио