Аԥсуа чаи раԥхьаӡакәны иӡырыргеит Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Ростов" аҟны
20:36 10.09.2026 (ирҿыцуп: 21:43 10.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Аԥсуа чаи раԥхьаӡакәны иӡырыргеит Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Ростов" аҟны.
Сынтәа афорум еизнагеит жәаҩыла атәылақәа рхаҭарнакцәа. Атема хадақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара, агронаплакра, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, ақыҭа ҵакырақәа рыҿиара ҳәа адырра ҟалҵеит аилахәыра "ЕКОчаи" ахаҭарнак Иулиа Диоскуриа.
Тоумышь аҳаблаҿ аплантациақәа ррыцқьареи урҭ реиҭашьақәыргылареи иалагеит 2019 шықәсазы. Уажәы уа иҭрыжьуеит 11 хкы рҟынӡа ачаи, габуи пуери ҳәа изышьҭоу ахкқәа уахь иналаҵаны.
Аԥсны ачаи плантациақәа рышьҭаҵара иалагеит 100 шықәса инареиҳаны раԥхьа. Раԥхьатәиқәа Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы ицәырҵит — акультура ибзианы ишьақәгылеит аҭагылазаашьа маншәалақәа ирыбзоураны.
Асовет шықәсқәа раан аплантациақәа рҵакыра 14 нызқь гектар рҟынӡа инаӡон. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аусхк еилаҳаит.
Ростовтәи аобласт аҿы афорум еиднакылеит 420-ҩык инареиҳаны активистцәеи аграртә усхкы аспециалистцәеи.