Гәынбеи Мышәбеи Аԥсны былтәыла аиқәыршәара азҵаара иалацәажәеит
17:08 11.09.2026 (ирҿыцуп: 19:01 11.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik. Ареспублика былтәыла аиқәыршәар азҵаара иалацәажәеит атәыла ахада Бадра Гәынбеи Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи.
Мышәба Гәынба изеиҭеиҳәеит иахьазы абылтәы аиқәыршәара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа иуԥхьаӡар шалшо. Абылтәы аҭаҵәахқәа рымоуп абылтәы џьармыкьа алахәылацәа дуқәа реиԥш абылтәыҭаҭәарҭа маҷкәагьы.
Мышәба иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абензин АИ-92, АИ-95 — 2,5 нызқь тонна рҟынӡа, адизельтә былтәы рҭаҵәахқәа — 3,7 нызқь тонна рҟынӡа. Иара убас, амҩа иқәуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абензин.
Бадра Гәынба урыстәылатәи рколлегацәеи дареи ианаамҭоу аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргаларц, ареспублика абылтәы хкы хадақәа зегьы рыла аиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа еснагь ахылаԥшра арҭаларц азы анапынҵа ҟаиҵеит.