Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз фҩык арныҟәцаратә гәраргагақәа рымырхит
18:33 11.09.2026 (ирҿыцуп: 18:59 11.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik. Ареспубликатә мҩаҿы мҽхакыҭбаалатәи ареид амҩаԥгараан фҩык амашьынарныҟәцаҩцәа арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы рыгәгагақәа рымырхит.
Ареид мҩаԥысуан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа инапхгарала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭавтоинспекциа, аоперативтә маҵзурақәа,
Иҷыдоу ирццаку аҭакҟаҵаратә гәыԥ (СОБР) рраионтә ҟәшақәа русзуҩцәа аус еицыруан, уи иалнаршеит аамҭакала амҩаду ахәҭақәа маҷымкәа рхылаԥшра.
Зынӡа административтә еилагарақәа рзы 298 ԥкаанҵа шьақәыргылоуп. Аилагара хадақәа иреиуоуп аццакра, аԥхьаҟацәаҳәа анылара, амҩатә дыргақәа рызхьамԥшра. Иара убасгьы игәарҭон амашьынақәа рдокументқәеи ртехникатә ҭагылазаашьеи.