Аԥсны Росгосцирк агастрольқәа хыркәшоуп
11:05 12.09.2026 (ирҿыцуп: 11:07 12.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Аԥсны Росгосцирк агастрольқәа хыркәшоуп.
Апрограмма "Ацирк амагиа" иаҭааит 17 525-ҩык ахәаԥшцәа. 30 қәгылара мҩаԥган, афиналтә дырбара еизнагеит 1 000-ҩык.
Иара убас, ацирк еиҿнакааит зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәеи зылшарақәа ԥку ахәыҷқәеи, асоциалтә усҳәарҭақәа рааӡамҭацәеи, ихароу араионқәа руааԥсыреи рзы агәыҳалалратә дырбарақәа.
Аусураҿы акрызҵазкуа хырхарҭаны иҟалеит — ациркотерапиа. Х-зыҟаҵарак ирылахәын 100-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Згәабзиаразы зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа атруппа иаарту аҽазыҟаҵарақәа рҭааразы алшара рыман.
Аԥсны агастрольқәа ирылагеит рашәара 12 рзы. Урҭ ҩышықәсоуп инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи ареспублика акультура аминистрра ацхыраарала.
Ҩышықәса рыҩнуҵҟа 80 қәгылара дырбан, урҭ ирҭааит 45 410-ҩык ахәаԥшцәа.