00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит

© telegram sputnik_apsny_infoЕицырдыруа аԥсуа композитор, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит (1926 - 2007)
Еицырдыруа аԥсуа композитор, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит (1926 - 2007) - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Еицырдыруа аԥсуа композитор, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит (1926 - 2007).

Ашәа аԥҵара иазҟазаз, жәлар рбаҩхатәра злаз арԥыс диит-дааӡеит Дәрыԥшь ақыҭан. Уи иабду Мамсыр Гәымба аҷкәын агәырцҟәыл шилаз ибон, Тәанихәа аҳаблаҿы хәылбыҽхала абыргцәа ахьааидтәалоз дигалон. Уа алахҿыхра ыҟан, ишәаҳәон, икәашон, ажәытә ажәабжьқәа еиҭарҳәон. Урҭ зегь даара дрызҿлымҳан Ражьден дышхәыҷыз, еиҳаракгьы афырхаҵаратә ашәақәа. Иаҳауаз гәникылон, инарҵауланы еиликаауан зыӡбахә рҳәоз аԥсуа ламыс, аҵасқәа, ахьӡ-ахьымӡӷ, аԥсадгьыл абзиабара уҳәа.

Дук мырҵыкәа абыргцәа раԥхьа днагыланы, дара ирҿиҵааз ашәақәа хорк еиԥш идирҳәо далагеит. Ашкол аҿгьы убас, 10-ҩык рҟынӡа злахәыз аҵаҩцәа рхор еиҿикааит. Урҭ идирҵон ажәлар рашәақәа реиԥш иара ихатә аԥҵамҭақәагьы. Абарҭқәа рыла Ражьден Гәымба дышқәыԥшӡаз Ашәа бзиа ибеит, иԥсҭазаарагьы изацрымго иахәҭакхеит.

Раԥхьаӡа амузыка аԥҵара даналагоз, анотақәа издырӡомызт, иагьимбацызт. Иара ихатә дыргақәа ихәыцит, урҭ ихы иархәаны иаирҳәон зынӡа имариамыз "Гәдиса иашәа", "Ахра ашәа", "Ахәрашәа", убас ихатә ашәақәагьы.

1947 шықәсазы Ражьден Гәымба дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Убри инаркны апрофессионалтә ҵара змаз ҟазак иаҳасабала дшьақәгылеит.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Ражьден Гәымба жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшым амузыкатә рҿиамҭақәа рацәаӡаны иаԥиҵеит. Илшеит ажәлар ргәаҟынӡа анеира, рдоуҳатә мал аихаҳара. Иаԥҵамҭақәа зегьы гәаҭас-шьаҭас ирымоуп афольклортә мелодиақәа, амилаҭ цәа рхуп, ажәлар рхатәеиԥш ирыдыркылон. Иашәақәа "Сыхаара сыԥсадгьыл", "Иааирума", "Кәачала", "Ауардын", "Рада снарҳәоит" реиԥш иҟоу иаразнак ижәлартәхеит, абиԥарақәа еимырдо иааргоит, бзиа ирбоит. Иара ихаҭагьы зегьы бзиа дырбон, уаҩышьала, ҟазшьала, иаамысҭашәашьала, иҭеиҭԥшлагьы иаарылукаауаз дыруаӡәкын. Ражьден Гәымба ирҿиаратә ҭынха ԥсра-ӡра ақәым, ихьӡ Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа иахуп.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Џьниаԥҳа акомпозитор Ражден Гәымба изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2026
Арадио
"Дәрыԥшьаа рҟармаҵыс" диижьҭеи 100 шықәса ҵит: акомпозитор Ражден Гәымба изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0