Урыстәыла Аҵара аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Аԥсны иаҭааит
18:33 12.09.2026 (ирҿыцуп: 19:42 12.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Урыстәыла Аҵара аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Аԥсны иаҭааит ҳәа аанацҳауеит ареспублика аминистрра.
Асасцәа Гәдоуҭа иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу абжьаратә школ №22 иаҭааит.
Анаҩсан ирҭааит жьҭаарамза инаркны алагарҭатә классқәа рҵаҩцәа рзы хәыда-ԥсада афатә ҧха рыҭара иахьалаго Гәдоуҭеи Аҟәеи рышколқәа.
Урыстәыла Аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа есымза ашәарацҵақәа ззызгәаҭоу аурыс бызшәа арҵаҩцәа русушьа шеиҿкаау еилыркааит, аҵара аусхк аҟны аминистр Хана Гәынбеи дареи реинырра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара убас, аделегациа ахада, амилаҭтә ҵара асистема аинтеграциа Адепартамент адиректор Усман Рассуханов Аԥсны асоциал-економикатә усеицура азҵаарақәа рзы аиҳабырабжьаратә еилацәажәара далахәын.