Аинклиузивтә туризм аусхк аҟны Аԥсны аԥышәа ӡырган афорум "Диалог на Волге" аҟны
21:01 12.09.2026 (ирҿыцуп: 22:16 12.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Аинклиузивтә туризм аусхк аҟны Аԥсны аԥышәа ӡырган афорум "Диалог на Волге" аҟны.
Аинклиузивтә туризм Ассоциациа анапхгаҩы Руслан Гьергьедааҧҳа еиҭалҳәеит, зылшарақәа ҧку атәылауаа рзы аинфраструктура аҿиара иазырхоу апрограмма "Доступная страна души" атәы.
Иара убас, АОҶ аҟны иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа рыцхыраара иазырхоу апрограмма "Абхазия: точка воZврата" атәы иазааҭгылан.
Гьергьедааҧҳа лажәақәа рыла, акультурабжьаратә еимадарақәа рыҿиара иабзоураны атуристтә сектор ауаажәларратә дипломатиа хра злоу маруганы иҟалар алшоит.
Лара афорум алахәылацәа рахь ажәалагала ҟалҵеит рԥышәа еимырдаларц, аинклиузивтәи асоциалтәи туризм аусхк аҟны апроектқәа еицынарыгӡаларц.
Ауаажәларратә дипломатиа XII Жәларбжьаратәи афорум "Диалог на Волге" мҩаԥысуан Волгоград цәыббра 11-12 рзы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын 10 тәылак: Аԥсны, Китаи, Ермантәыла, Словакиа, Беларусь, Узбекистан, Иорданиа, Џьибути, Пакистан, Ирак.