Екатеринбург имҩаԥысуаз АЖәР аҿы Россотрудничество раԥхьаӡакәны астенд ӡырнагеит
15:00 13.09.2026 (ирҿыцуп: 16:48 13.09.2026)

© Foto / Россотрудничество
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аҿы Россотрудничество раԥхьаӡакәны астенд ӡырнагеит.
Афестиваль ҷыдара хадас иамоу аҳәаанырцәтәии урыстәылатәии аҿар уи аусура рхы аладырхәыр ахьрылшо ауп ҳәа @Sputniklive иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Константин Колпаков.
Афестиваль ҷыдара хадас иамоу аҳәаанырцәтәии урыстәылатәии аҿар уи аусура рхы аладырхәыр ахьрылшо ауп ҳәа @Sputniklive иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Константин Колпаков.
"Ридеиақәа рыдыргалар рылшоит, урҭ раларҵәараҿы ҳара ҳрыцхраауеит. Аицлабра рылаҳҳәеит. Иреиӷьу аидеиақәа 20 алхны ҳмаҵзура аганахьала аԥаразоужьра мҩаԥаагоит".
"Урыстәыла уара иудгылоит" ҳәа хьӡыс изауз ари аҭыԥ иазку авидео @SputnikLive аҟны шәахәаԥшыр шәылшоит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит аҿар аидеиа адгалара адагьы, уи анагӡаразы иҟаҵәҟьоу алшара рыҭара. Убри азоуп 2027 шықәса раахыс амикрогрантқәа рмеханизм ҿыц аусура изалаҳарго", — ҳәа азгәеиҭеит Россотрудничество ахада Игор Чаика.