Аҟәа ахаҭарнакцәа Самара 440 шықәса ахыҵра азгәаҭарахь ианеит
16:57 13.09.2026 (ирҿыцуп: 17:14 13.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. Аҟәа ахаҭарнакцәа Самара 440 шықәса ахыҵра азгәаҭарахь инеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Самара ахада Иван Носков аҳҭнықалақь ахадара аусқәа рнапхгаҩы Ирина Шьониа зхадараҿы дыҟоу аделегациа дырԥылеит.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳныҳәа ахьҳацеиҩышәшо азы. Самара аҭоурых, алшарақәа, асасдкылара шәнырыртә еиԥш апрограмма азҳархиеит", — иҳәеит Иван Носков.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсны имҩаԥысыз Самара Амшқәа реихшьаалақәа ирылацәажәеит, иара убас аҩ-қалақьк рхәыҷқәеи рҿари злахәу еицырзеиԥшу аҵаратә, акультуратә, аспорттә проектқәа рԥеиԥш иалацәажәеит.