00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳара ҳжәар
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Такие обстоятельства
Бизнес-диалог: "Деловая Россия" и "Деловые люди Абхазии" о сотрудничестве
18:34
2 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: от сезонного отдыха к круглогодичному бизнесу
18:37
10 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Анапхгаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи аетап аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Онлаин тестқәа иахысит 423-ҩык. "Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габелаиа иажәақәа рыла, еизгоу азҵаабӷьыцқәа иаадырԥшуеит азеиԥш дыррақәа рыҩаӡара, анапхгараҭаратә лшарақәа, акандидатцәа рмотивациа. Алахәылацәа азанааҭтә усура аҽалархәреи, акомандатә еинырреи ишазхиоу рзы азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рҟынтәи 27-30% рҟынӡа еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп ҳәа иҳәеит аицлабра Ахылаԥшратә хеилак алахәыла, Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба. "Урҭ ԥхьаҟатәи кадрқәоуп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь аусура иадыԥхьалахоит, мамзаргьы рхала рыҿиара амҩа азырыԥшаауеит. Ари иуникалтәу лшароуп адырра цҵақәа роуразы, акомандаҿы аусура аҵаразы, напхгаҩыс аҟазааразы", — иҳәеит иара.
Аҵароуп — анапхгаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" шьаҭас иаиуз ҳәа лыԥхьаӡоит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. "Ҳара зегьы иахьа адырра дуқәа змоу акадрқәа, анапхгараҭаҩцәа разымхара ӷәӷәала иаҳбарҭоуп. Жәаҳәарада, ҳуааԥсыра рыбжьара ас еиԥш иҟоу арбагақәа ҳамыргәырӷьар залшом", — лҳәеит лара. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа акрызҵазкуа факторуп ҳәа ахиҳәааит аицлабра иалахәу 43-ҩык аҭҵаарадырратә усхк иахьахаҭарнакцәоу. "Ҳаамҭазтәи анапхгаҩы административтә ԥышәа мацара амазаара изхом, аимадарақәа рбара, иуадаҩу апроцессқәа анализ рзура, иҷыдоу адыррақәа рышьаҭала аӡбамҭақәа рыдкылара илшозароуп", ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥараҿырп "Аԥсҳа Леон" ҭнажьит. Уи ахьӡы зхьыршоу араӡны иалхуп, аԥараҿырпы ахәԥса — 25 ԥсар иҟоуп, 1000 цыра ҭыжьуп. Асахьаҭыхыҩ: Руслан Габлиа. Аԥараҿырп раԥхьатәи аган Аԥсуа аҳра аҳҭнықалақьқәа рыхьыӡқәа "Анаҟәаԥиа", "Қәҭешь", иара убас иаарту амаҿа рнуп. Егьи аган ала игәылганы Аԥсҳа Леон ихаҿсахьа ануп.
Аԥсны асериал ҿыц "А-Инвестор" аҭыхрақәа ирылагеит. Абри атәы еиҭарҳәеит арежиссиор Ҭемыр Ҭаниеи аоператор-ақәыргылаҩ Александр Мелькумови арадио Sputnik аефир аҟны. Асиужет: москватәи аферист Аԥсныҟа даауеит, инвесторушәа иҽыҟаиҵоит, убри аан дзышьцыламыз аҭагылазаашьеи абизнес азы аҭыԥантәи агәаанагарақәеи дрыниоит. Аԥсны ииԥшааз апартниорцәа гәызианқәеи, аҭыԥантәи "авторитети", уи ишьразы ишьҭаланы иааз акиллерцәеи дрыбжьахоит. Мелькумов иҳәеит раԥхьа авторцәа аԥсуа ԥсҭазаара аҷыдарақәа маҷк иацырҵазшәа игәы ишаанагоз, аха нас асценари шҵабыргу агәра шигаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0