Аԥсны ашколқәа рҟны афатә ҧха аиҿкаара иалагоит жьҭаара 1 инаркны
22:00 15.09.2026 (ирҿыцуп: 23:25 15.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik. Аԥсны ашколқәа рҟны афатә ҧха аиҿкаара иалагоит жьҭаара 1 инаркны.
Аӡбамҭа нагӡан Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко реиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Иахьа аԥыза-министр Владимир Делба аҵареи афинансқәеи рминистрцәа Хана Гәынԥҳаи Саид Гәбази, иара убас ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Урыстәыла ахада иӡбамҭа инақәыршәаны иазоужьу урыстәылатәи афинанстә цхыраареи Аԥсны абиуџьети рыла.
Апроцесс хәҭа-хәҭала инагӡахоит иҟоу аинфраструктуратә ԥкрақәа ирыхҟьаны.
Иахьазы 57 школ азхиоуп афатә ҧхала аҵаҩцәа акрырҿаҵара.
Иахәҭоу амаругақәа рыла иахьеиқәыршәам, мамзаргьы афатәҟаҵаразы аҭагылазаашьақәа ахьыҟам егьырҭ аҵаратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәа ирыҭахоит — есыҽнытәи афатәқәа реизгақәа.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит аклассқәа рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара акрыфара аиҿкааразы ԥынгыла амоуроуп ҳәа.
Ашколқәа рнапхгаҩцәа рзы амениуиқәеи аҳасабырба аформеи азнархиоит Аԥсны Аҵара аминистрра.
Акрыфара ашәагақәеи акалориеи еиқәыршәахоит Агәабзиарахьчара аминистрреи асанитартә маҵзурақәеи рықәшаҳаҭрала.