15,5 млн мааҭ инареиҳаны аилагарақәа аарԥшын Аҟәа аҵара аусбарҭа агәаҭараан
13:00 16.09.2026 (ирҿыцуп: 13:24 16.09.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. 15,5 млн мааҭ инареиҳаны аилагарақәа аанарԥшит апрокуратура хада Аҟәа аҵара аусбарҭа агәаҭараан.
Агәаҭара мҩаԥган 2022 шықәса инаркны 2026 шықәса актәи азыбжанӡа ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ахәҭакахьала, аинтересқәа реимак аарԥшуп — аусбарҭеи иара уи афилиалқәа руак аҿы аамҭакала аус зуаз анаплакыҩцәеи иареи акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵон.
Иара убас, аусбарҭаҿы активқәа рнеиреи ралҵреи рзы ихымԥадатәиу акомиссиа еиҿкаамызт. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, Аҟәа ахадарахь аилагарақәа раԥыхразы ажәадгалақәа ҟанаҵеит. Аԥара ахәҭак — 12,3 млн мааҭ харҭәаауп, иаанхаз аԥарақәа рырхынҳәра апроцесс иацҵахоит.