Мурашов: Алаҳаӡы агәамсамкаԥсарҭа апроблема аӡбара аԥеиԥш амоуп
17:47 16.09.2026 (ирҿыцуп: 18:29 16.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. Алаҳаӡы агәамсамкаԥсарҭа апроблема аӡбара аԥеиԥш амоуп ҳәа азгәеиҭеит аекологиатә шәарҭадареи ацрыҵқәа рызныҟәаратә системақәеи рзы аексперт Владимир Мурашов.
Ацрыҵқәа аус рыдулара акомплекстә знеишьа атемала аекономикатә ҿиареи, аинформациатә технологиақәеи, анаплакра адгылареи рзы акомиссиа инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит иахьа Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы.
Мурашов иҳәеит Алаҳаӡы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа полигонуп ҳәа узазҳәом ҳәа, избанзар уи аҭахрақәа ирықәшәом. Уимоу, ари аҭыԥ ахь ацрыҵқәа ргара азин узҭо, аҭыԥ аҳәаақәа аазырԥшуа адокументқәа аспециалистцәа ирзымԥшааит.
Аексперт иҳәеит ари ҩынҩажәа шықәса зхыҵуа сыпрактикаҿы раԥхьатәи хҭысуп, агәамсамкаԥсарҭазы документк аныҟамл ҳәа. Убри аҟнытә зегь раԥхьа, агәра ганы дыҟоуп, абри апроблема ауп иӡбатәу ҳәа.
"Ари аҳәаақәа ҳәаақәызҵо, иахәҭоу адокументқәа ралкаароуп – ахархәараамҭа, шаҟа ахархәара анаиуа, шаҟа црыҵ аднакылаша, заҟа мҽхакы анагара ауа уҳәа рзы зинк иадамхаргьы иҟазароуп", — азгәеиҭеит иара.
Аҩбатәи аетап инақәыршәаны иаахәатәуп ари аобиект шәарҭарада ахархәара алыршара иацхраауа атехника. Уи ашьҭахь агәамсамкаԥсарҭа аполигонқәа ирыдырҵо аҭахрақәа ирықәшәо иҟауҵар алшоит.
"Асанитартә полигон, уи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара иреиҵаӡоу анырра анаҭоит, мамзаргьы зынӡа ианаҭом. Уи инақәыршәаны мцак, лҩак, фҩык ыҟамзароуп, ахылаԥшра амазароуп", — иҳәеит иара.
Уаанӡа Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысхьаз аилатәараҿы иазгәаҭан Гагра араион аҟынтәи агәамсам ахьырго аполигон аресурсқәа ҩы-шықәса рышьҭахь ишынҵәо.