https://sputnik-abkhazia.info/20260916/1065684240.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
15,5 млн мааҭ инареиҳаны аилагарақәа аанарԥшит апрокуратура хада Аҟәа аҵара аусбарҭа агәаҭараан. Агәаҭара мҩаԥган 2022 шықәса инаркны 2026 шықәса актәи... 16.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-16T18:01+0300
2026-09-16T18:01+0300
2026-09-16T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/10/1065684074_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_9c68a59cca3d10b551362a7e8cd6da19.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
15,5 млн мааҭ инареиҳаны аилагарақәа аанарԥшит апрокуратура хада Аҟәа аҵара аусбарҭа агәаҭараан. Агәаҭара мҩаԥган 2022 шықәса инаркны 2026 шықәса актәи азыбжанӡа ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Ахәҭакахьала, аинтересқәа реимак аарԥшуп — аусбарҭеи иара уи афилиалқәа руак аҿы аамҭакала аус зуаз анаплакыҩцәеи иареи акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵон. Иара убас, аусбарҭаҿы активқәа рнеиреи ралҵреи рзы ихымԥадатәиу акомиссиа еиҿкаамызт. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, Аҟәа ахадарахь аилагарақәа раԥыхразы ажәадгалақәа ҟанаҵеит. Аԥара ахәҭак — 12,3 млн мааҭ харҭәаауп, иаанхаз аԥарақәа рырхынҳәра апроцесс иацҵахоит.
Аԥсны аҳәынҭпрограмма "2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара" алахәхаразы 92 рзаҳал аашьҭуп, урҭ рҟынтәи 88 рзаҳал рыла аӡбамҭақәа рыдыркылахьеит иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Апрограмма иарбоуп 110 млн мааҭ. "Аԥсны 110 қыҭа ыҟоуп, урҭ рахьтә 92 арзаҳалқәа аарышьҭит, иаанханы иҟоу 18 қыҭа рхаҭарнакцәа аҿҳәарақәа нҵәаанӡа рхы ҳдырбап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Нанба.
Аԥсны ԥхьаҟатәи аҿиаразы акрызҵазкуа ҭагылазаашьоуп — аусутә активра аҿиареи урыстәылатәи абизнес-еилазаареи иареи реинырра арӷәӷәареи иҳәеит ареспублика ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. "Агәраганы сыҟоуп, уажәтәи шәҭаара аԥсуа-аурыс усуратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы изаамҭанытәиу шьаҿаны ишыҟало, аԥшьгара ҿыцқәеи апроектқәеи рцәырҵра ишацхраауа", — азгәеиҭеит иара, урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы анаплакыҩцәеи аиҿкаара "Деловая Россия" ахаҭарнакцәеи реиԥылараан.
Апроект "Россия — Абхазия: музыкальный диалог вне времени и расстояния" хацыркхоит Пицунда цәыббра 17 рзы, абри атәы аанацҳауеит. Аԥсны акультура аминистрра. Пицундатәи ауахәамаҿы цәыббра 17, 18 рзы имҩаԥгахоит аконцертқәа, урҭ сценак аҿы еиднакылоит амузыкарҳәаҩцәа — Аԥсни Липецки рҟынтәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа. Апрограммаҿы — адунеи аҿы еицырдыруа акомпозиторцәа — Бах, Каччини, Штраус уҳәа рырҿиамҭақәа, иара убас аԥсуа жәлар рмелодиақәа.
15,5 млн мааҭ инареиҳаны аилагарақәа аанарԥшит апрокуратура хада Аҟәа аҵара аусбарҭа агәаҭараан. Агәаҭара мҩаԥган 2022 шықәса инаркны 2026 шықәса актәи азыбжанӡа ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Ахәҭакахьала, аинтересқәа реимак аарԥшуп — аусбарҭеи иара уи афилиалқәа руак аҿы аамҭакала аус зуаз анаплакыҩцәеи иареи акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵон. Иара убас, аусбарҭаҿы активқәа рнеиреи ралҵреи рзы ихымԥадатәиу акомиссиа еиҿкаамызт. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, Аҟәа ахадарахь аилагарақәа раԥыхразы ажәадгалақәа ҟанаҵеит. Аԥара ахәҭак — 12,3 млн мааҭ харҭәаауп, иаанхаз аԥарақәа рырхынҳәра апроцесс иацҵахоит. Аԥсны аҳәынҭпрограмма "2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара" алахәхаразы 92 рзаҳал аашьҭуп, урҭ рҟынтәи 88 рзаҳал рыла аӡбамҭақәа рыдыркылахьеит иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Апрограмма иарбоуп 110 млн мааҭ. "Аԥсны 110 қыҭа ыҟоуп, урҭ рахьтә 92 арзаҳалқәа аарышьҭит, иаанханы иҟоу 18 қыҭа рхаҭарнакцәа аҿҳәарақәа нҵәаанӡа рхы ҳдырбап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Нанба. Аԥсны ԥхьаҟатәи аҿиаразы акрызҵазкуа ҭагылазаашьоуп — аусутә активра аҿиареи урыстәылатәи абизнес-еилазаареи иареи реинырра арӷәӷәареи иҳәеит ареспублика ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. "Агәраганы сыҟоуп, уажәтәи шәҭаара аԥсуа-аурыс усуратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы изаамҭанытәиу шьаҿаны ишыҟало, аԥшьгара ҿыцқәеи апроектқәеи рцәырҵра ишацхраауа", — азгәеиҭеит иара, урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы анаплакыҩцәеи аиҿкаара "Деловая Россия" ахаҭарнакцәеи реиԥылараан.Апроект "Россия — Абхазия: музыкальный диалог вне времени и расстояния" хацыркхоит Пицунда цәыббра 17 рзы, абри атәы аанацҳауеит. Аԥсны акультура аминистрра. Пицундатәи ауахәамаҿы цәыббра 17, 18 рзы имҩаԥгахоит аконцертқәа, урҭ сценак аҿы еиднакылоит амузыкарҳәаҩцәа — Аԥсни Липецки рҟынтәи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа. Апрограммаҿы — адунеи аҿы еицырдыруа акомпозиторцәа — Бах, Каччини, Штраус уҳәа рырҿиамҭақәа, иара убас аԥсуа жәлар рмелодиақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/10/1065684074_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0a17f8fdc5bf0c014d8b3c630bc1f044.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио