Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль хыркәшоуп Екатеринбург
20:35 16.09.2026 (ирҿыцуп: 22:00 16.09.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль хыркәшоуп Екатеринбург.
"Екатеринбург-Експо" аҿы иқәгылеит аколлективқәеи еицырдыруа ашәаҳәаҩцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Дмитри Колдун, Ваниа Дмитриенко, агәыԥ Uma2rman. Амҩаԥгаҩцәа — Николаи Цискариӡеи асериал "Ландыши" ала еицырдыруа Ника Здорики.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит, ахҭыс рыдиныҳәалеит.
Афестиваль ахыркәшамҭаз асценахь ицәырҵит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 100-ҩык аҿар, урҭ афестиваль асимвол — Чебурашка еимырдеит.
Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль мҩаԥысуан Екатеринбург, цәыббра 11 инаркны, уи иалахәын 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны ахаҭарнакцәа.