Аԥсны АКХи Аахыҵ Уаԥстәыла АКХи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит
16:00 17.09.2026 (ирҿыцуп: 16:08 17.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Аԥсны АКХи Аахыҵ Уаԥстәыла АКХи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
Рнапынҵамҭақәа ықәдыргылеит алхратә комиссиақәа рхадацәа Дмитри Маршьани Емилиа Гагиевеи ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Маршьан ишазгәеиҭаз ала, аиқәшаҳаҭра ҩ-республикак ралхратә комиссиақәа рыбжьара шықәсырацәалатәи аусеицура иацнаҵоит.

"Анапы зҵаҩу амеморандум наҟ-наҟтәи аинырразы иахәҭоу анормативтә база аԥнаҵоит. Ҳара алхрақәа реиҿкаараҿы аԥышәа аимдареи иреиӷьу апрактикақәа рымҩаԥгареи хықәкыс иҳамоуп. Ҳкомиссиақәа активла алекторалтә процессқәа ирылахәуп, ари аусеицура аимпульс ҿыц ҟанаҵоит хра злоу аусуразы ", — иҳәеит Аԥсны АКХ анапхгаҩы.
Хазы Маршьан иазгәеиҭеит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи жәларбжьаратәи аелекторалтә процессқәа ишрылахәу, ареспубликақәа рхаҭарнакцәа наԥшыҩцәак раҳасабала иахьнарыԥхьо егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рԥышәа рымдараз алшара шыҟоу.
Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәеит Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҽырзыҟаҵара.
"Сара сгәанала, уаҵәы алхрақәа иреиҳаӡоу аҩаӡарала еиҿкаахоит. Ҳара иахьа иаабеит аҽазыҟаҵаратә процесс шцо, агәра ганы ҳаҟоуп уаҵәы еиҳа абжьқәа зауа акандидат дшалххо", — ҳәа азгәеиҭеит Маршьан.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥгахоит 2026 шықәса цәыббра 18 рзы.