00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа 66 цәарҭа-ҭыԥ ирзырхоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСтроящаяся детская Республиканская больница в Сухуме
Строящаяся детская Республиканская больница в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа 66 цәарҭа-ҭыԥ ирзырхоуп ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.

Актәи аихагылаҿы иҟоу адкыларатә ҟәшаҿы иаадыртуеит ахьаагәыҿкааратә ҟәшеи аҿаҳәарҭеи, уаҟа апациентцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рырҭалоит.
"Ахәахәарақәа зегьы иара уа, адкыларатә ҟәшаҿы аус рыдырулоит, асанитар-епидемиологиатә нормақәа рыла ишахәҭоу еиԥш. Арҭ анормақәа зегьы ирықәшәо хәышәтәырҭа заҵәык акәны иҟалар ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Ахәышәтәырҭаҿы иаадыртуеит апедиатриатә, ахирургиатә, ареанимациатә ҟәшақәа, иара убас аклиника-диагностикатә, аполиклиникатә ҟәшақәа, аԥҟарҭатә блок.

Гәниа иазгәеиҭеит урҭ зегьы аԥхьагылара змоу ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыла ишеиқәыршәахо.

"Иаҳҳәап, аԥҟарҭатә блок аҿы игылазаауеит аинвазиа маҷ змоу аоперациақәа рзы алапароскопиатә, аендоскопиатә мыругақәа. Ара Аԥсны уи аҩыза ҳамамызт. Ҳхәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы аоперациақәа зегьы иаартны имҩаԥгахалоит", — иҳәеит аусбарҭа ахада.

Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа ажәытә хыбра атәы ҳҳәозар, азҵаара макьана аҵыхәтәанынӡа иӡбам. Аусзуҩцәа зегьы аобиект ҿыц ахь риагара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәша ҿыцқәа рцәырҵра иазԥхьагәарҭоит амедусзуҩцәа рыла реиқәыршәара. Гәниа иажәақәа рыла, атәылаҿы апедиатрцәеи ахирургцәеи рыбжьара рзымхара ыҟоуп, аха аминистр агәыӷра дуқәа шадиҳәало сынтәа зҵара иалго аԥснытәи астудентцәеи аҳәынҭқарреи рыбжьара хышықәса ареспубликаҿы аусура рыдызҵо аиқәшаҳаҭра.

7 000 кв.м зҵазкуа аобиект аусура аларгара ргәы иҭоуп 2027 шықәса ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭазы. Ахәышәтәырҭа дыргылоит 2023-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0