Олег Барцыц Аԥсны ахада уаанӡа иҟаиҵахьаз анапынҵақәа рынагӡашьа атәы еиҭеиҳәеит
20:27 17.09.2026 (ирҿыцуп: 00:07 18.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрофильтә департаментқәа рабжьгарақәа рымҩаԥгара акраҵанакуеит адунеиаҿ иалкаау арегионқәаки Аԥсни русеицура хацыркхаанӡа ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аҳәынҭқарра ахада иҟны имҩаԥысыз аилацәажәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу акоординациа иалнаршоит хаз игоу аҳәынҭқаррақәа рҷыдара азхьаԥшра, урыстәылатәи адипломатиатә маҵзура аексперттә лшарақәа рхархәара.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа иара убасгьы Латинтәи Америка, Африка, Азиа уҳәа арегионқәа ртәылақәа рыҽрымадара аҿиаразы аусура мҩаԥнагоит. Хаз игоу ахырхарҭақәа рыла иалкаау ашьаҿақәа алкаахахьеит.
"Имҩаԥааго аусура ахәҭак, иахәҭоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡареи апрактикатә лҵшәақәа роуреи ҟалаанӡа армаӡара аҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Барцыц дазааҭгылеит аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ҳареи иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаимадара аҵак ду шамоу. Иара иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иусура, Сҭампыл иҟоу Урыстәыла Агенконсульреи Аԥсны АдәАРи русуратә еизыҟазаашьақәа шышьақәгылоу.